Аԥсны

Аҭҵаарақәа иаадырԥшит 2022 шықәсазы Аԥсны зыԥсы зшьар зҭаху ауаа рыпроцент

Зыхә ҳаракны иршәо аусурақәа рыԥшааразы амаҵзура SuperJob урыстәылаа рыгәҭа азҵаараҭҵаара мҩаԥнагеит урҭ аԥсшьара ахьырҭаху аилкааразы.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. 1% урыстәылаа 2022 азтәи рыԥсшьара Аԥсны ирхыргар рҭахуп ҳәа азгәанаҭоит SuperJob аҭҵаара.
Акака процент Египет, Ҭырқәтәыла, ашьхара, Баикал, Азиа, Карелиа уҳәа рыҟны рыԥсы ршьарц рҭахуп.

Аҭҵаарақәа рыла аӡиас ма аӡиа ааигәара Краснодартәи атәылаҿацә аҿи аҳәаанырцәи рыԥсы ршьар рҭахуп хԥа-хԥа процент, 2% - 2022 шықәсазы Алтаи, "ауаа иахьрыҿхарсҭам" аԥсшьара рҭахуп.

"Аҩны аԥсшьара зегьы иреиӷьуп ҳәа иршьоит 20%. 18% ргәаанагарала - адачахь аԥсшьара еиӷьуп. 12% амшын ахь рхы дырхар рҭахуп, 9% – Урыстәыла, 6% – Ҟрым", – рҳәеит аналитикцәа. Дара иазгәарҭеит 4% ареспондентцәа аԥхын аԥсшьара агара иаԥсам ҳәа ишыршьо.
Аԥсны
Атуризм аминистрра адырра ҟанаҵеит авалиута иахҟьаны аԥсшьаразы ахәқәа рҽырыԥсахуеит ҳәа
Аҩны ма адачаҿы аԥсшьара еиӷьны ирбоит изазҵааз рҟынтә ахәбатәиқәа. Урыстәыла аԥсшьара зҭаху еиҳахеит, убри аан аҳәаанырцәҟа изҭаху еиҵахеит.
Азҵаараҭҵаара иалахәын 1,6 нызқьҩык Урыстәыла аокругқәа зегьы рҟынтәи аекономикатә активра аазырԥшуа атәылауаа.