Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Атуризм аминистрра адырра ҟанаҵеит авалиута иахҟьаны аԥсшьаразы ахәқәа рҽырыԥсахуеит ҳәа

© Sputnik / Томас ТхайцукОтдых в Абхазии
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсны атуристтә сезон арекорд шьақәнаргылеит, ареспублика иаҭааит 1,5 миллионҩык атуристцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 29 – Sputnik. Аԥхынтәи атурқәа авалиута аиҭакра иахҟьаны 20-30% аизҳара аганахьала рҽырыԥсахуеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

"Ҵыԥх ахәқәа шьҭымхкәа раанкылара ҳалшазар, уажәы аҭагылазаашьа ҽакала иҟоуп. Афатә аалыҵ ахәԥса аизҳара адоллар акурс иадҳәалоуп. Бжьаратәла 20-30% ирыцлар ҟалоит. Ҵыԥх хынтәтәи акрыфара ахәԥса 600 мааҭ артәозар, сынтәа 800 мааҭ еиҵахом", – иҳәеит Хышба.

Аминистр иҳәеит Аԥсны урыстәылатәи атуристцәа рыбжьара еиҳа иалырхуа аҭыԥқәа рҿы аԥыжәара аиур ҟалоит ҳәа.
"Сгәы иаанагоит иааиуа асезон 2021 шықәсатәи асезон иеицәахарым ҳәа", – иҳәеит Хышба.
Набережная Сухума - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Аԥсны мшаԥы-лаҵара амзақәа рзы аԥсшьараз иалырхуа ахырхарҭақәа ԥшьба ирылоуп
Аотель "Велнес Парк Отель Гагра" ахатәтәҩы Игор Жигун игәаанагарала, атуристцәа рырацәара авиабилеҭқәа рыхәԥсақәа ахьынӡамариоу иадҳәалахоит, иара убасгьы альтернативатә хырхарҭақәа: Ҭырқәтәылеи Египети рҭагылазаашьа. Анырра ҟанаҵоит урыстәылаа рекономикатә маншәаларагьы.
Жигун иҳәеит абзазаратә химиа, афатә аалыҵ, аба, абылтәы рыхәқәа 20% еиҳамхар, ахәқәагьы рацәак ишьҭыҵуам ҳәа.
Атуроператорцәа иазԥхьагәарҭоит аԥарахсаалага "Мир" Аԥсны иахьаднакыло азы аԥсшьараз ирҭаху ахырхарҭақәа иреиуахоит ҳәа.
Осень в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Аԥсны
Аԥсны агәабзиарачаԥаразы иалырхуа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа хә-хырхарҭак ирыҵанакит
Ажәабжьқәа зегьы
0