Аахыҵ Уаԥстәыла аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла алалара азҵааразы

Иацы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара стратегиатә хықәкыс ишрымоу.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи рыбжьара аилацәажәарақәа ирылагеит Урыстәыла аҵакырахь алалара азҵааразы ҳәа иҳәеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов ателеканал "Россия 24" аефир аҿы.
Ареферендум мҩаԥысраны иҟоуп ареспублика ахада иалхра ашьҭахь. Алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥы 10 азы.

"Ихадароу – урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳабжьара аилацәажәарақәа мҩаԥысуиет. Азиндырратә уснагӡатәқәа жәларбжьаратәи азин шьаҭаны ирыманы имҩаԥгахоит. Аахыҵ Уаԥстәыла ихьыԥшым ҳәынҭқарроуп. Иамоуп алшара иахәҭаны иаԥхьаӡо аӡбрақәа аднакыларц", - иҳәеит ареспублика ахада.

Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла стратегиатә хықәкыс ишамоу Урыстәыла алалара
Бибилов иҳәеит Урыстәыла алаларазы ашьаҿа ажәлар рҭаххароуп ҵаҵӷәыс иамоу ҳәа. Ареферендум мҩаԥгахоит, аха иара усгьы еилкаауп ауаа рҭаххара ду. Ахада игәаанагарала ареспублика 2014 шықәсазы, Ҟрым Урыстәыла ианадлозгьы алшара аман Урыстәыла алалараз, аха уи аҭагылазаашьа ахы ианамырхәеит.
Ареспублика ахада иҳәеит Нхыҵи Аахыҵи Уаԥстәыла реидылара хымԥадазароуп, аиҳабыра рызҵаара аӡбра атехникатә ҟазшьоуп иамоу ҳәа.
Аԥсны
Шамба: Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылоит Урыстәыла иалаларц ахьаҭаху азы