Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шамба: Аԥсны Аахыҵ Уаԥстәыла иадгылоит Урыстәыла иалаларц ахьаҭаху азы

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Шамба
Сергей Шамба - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Хара имгакәа Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла адлара азҵаара иазку ареферендум мҩаԥыргараны иҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аԥсны аиашьаратә республика Аахыҵ Уаԥстәыла Нхыҵ Уаԥстәыла аҽадҵаны Урыстәыла иалаларц ахьаҭаху азҵаараҟны адгылара анаҭоит, абри атәы ТАСС иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.
Иара иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла изныкымкәа ари азҵаара шышьҭырххьаз, "уи дара ҭоурыхла ирлахьынҵоу ауп, рмилаҭтә гәаҳәароуп - Нхыҵ Уаԥстәылеи дареи ҳәынҭқаррак аҩнуҵҟа аҟазаара".
Аԥсны Урыстәыла алалара алшо иалымшо азҵаара далацәажәо, Шамба уи шалымшо атәы иҳәеит.

"Раԥхьа иргыланы, ҳара ҳ-Конституциа, ҳзакәанԥҵара уи алдыршом, иара ауаажәлар рыҩнуҵҟагьы уи аҩыза аҭахра ыҟаӡам. Ҳара ҳхьыԥшымра аџьабаа ду адаҳбалеит, аӡәырҩы аԥсуа ҵеицәа рхы ақәырҵеит, акымкәа абиԥарақәа уи иазықәԥон, убри азы ари азҵаара ҳара ҳҿы иалацәажәаӡом - аполитикатә еилазаараҽгьы, ауажәларра аҩнуҵҟагьы. Сара исыздыруам Аԥсны џьара политикатә мчрак, партиоума, уаажәларратә еиҿкаароума, ахьыԥшымра мап ацәызкыр зылшо. Ус еиԥш политикатә мчы ҳара ҳҿы иҟаӡам", - ҳәа Шамба иажәақәа аанагоит амаҵзура.

Убри аан иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи аиҩызцәеи астратегиатә партниорцәеи роуп ҳәа.
Ахаша, хәажәкыра 30 рзы Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара стратегиатә хықәкыс ишрымоу, хара имгакәа Урыстәыла алаларазы иахәҭоу аиуристтә шьаҿақәа ирылагараны ишыҟоу. Иара убас иара иҳәеит Урыстәыла алалара - Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар зегьы рзы "акыр шықәса изеиԥхыӡуа гәаҳәароуп" ҳәа.
Президент Республики Южная Осетия Анатолий Бибилов - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла стратегиатә хықәкыс ишамоу Урыстәыла алалара
Урыстәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса нанҳәа 26 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0