Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла стратегиатә хықәкыс ишамоу Урыстәыла алалара

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент Республики Южная Осетия Анатолий Бибилов
Президент Республики Южная Осетия Анатолий Бибилов - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Хара имгакәа Урыстәыла алаларазы иахәҭоу аиуристтә шьаҿақәа ирылагараны иҟоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла алалара стратегиатә хықәкыс ишрымоу, абри атәы аанацҳауеит "Единая Россия" апресс-маҵзура.
"Сара сгәаанагарала, Урыстәыла алалара - ҳҳәынҭқарра стратегиатә хықәкыс иамоуп. Уи ҳара иалаҳхыз мҩоуп. Ҳажәлар ирҭаху ауп. Уи амҩа ҳанызаауеит. Хара имгакәа Урыстәыла алаларазы иахәҭоу аиуристтә шьаҿақәа ҳрылагараны ҳаҟоуп. Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аҭоурыхтә ԥсадгьыл - Урыстәыла иалалоит", - иҳәеит Бибилов, уи иажәақәа аанагоит "Единая Россия" апресс-маҵзура.
Бибилов иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы ишиҳәаз ала, "адунеи зегь аҿы иахьа аҽыԥсахра дуқәа мҩаԥысуеит", "аурыс дунеи дара ирыдгылоу, анацизм иаҿагылоу ажәларқәа ринтересқәа рыхьчара иаҿуп, ауааԥсыра зегьы еицырзеиԥшу адоуҳатә мазара, аҟазшьақәа, адунеи ауаажәларра ирыдыркылахьоу ашьаҭаркыратә зинқәеи анормақәеи ҳаҭыр рықәнаҵоит".
"Адунеи иҿыцӡоу аҭоурых аҿы аурысқәа раԥхьаӡа акәны амҩа ҿыц ишанылаз дыршаҳаҭит, ҽаӡә дызхымсыр акәу ацәаҳәақәа рыӡбахә аҳәеит абра, Аахыҵ Уаԥстәыла, 2008 шықәса рзы. Усҟан Урыстәыла ауаԥсцәа рыԥсы еиқәырханы Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азханаҵеит. Ҳара уи азы ҳаԥсы ахьынӡаҭоу иҭабуп ҳәа раҳҳәалоит дара реиҳабыреи ажәлар зегьи. Иҭабуп, ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Усҟан иҟашәҵаз ашьаҿа - ҭоурыхтә шьаҿоуп, уи Аахыҵ Уаԥстәыла аҭынчреи наҟ-наҟтәи аҿиареи алзыршо шьаҿахеит. Аха ауаԥс жәлар рзы - ҩыџьара еиҟәшоу ажәлар рзы - зегь реиҳа ихадоу, астратегиатә ҵакы змоу ҳәынҭқаррак аҩнуҵҟа аҟазаароуп," - ҳәа азгәеиҭеит Бибилов.
Встреча Абхазской делегации в Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.08.2021
Бибилов Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымрақәа рхыхтәуп ҳәа ирҳәо азы ахҳәаа ҟаиҵеит
Урыстәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0