Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Мариуполь абандитцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәхоит иҳәеит Кадыров

Амчыбжь алагамҭаз Чечентәылатәи Ареспублика ахада Рамзан Кадыров ДЖәР ахада Денис Пушилин диԥылеит, ԥхьаҟатәи реинырра иалацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, хәажәкыра 31 - Sputnik. Украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь иахьазы рҽеизакны иахьыҟоу аметаллургиатә комбинат "Азовсталь" аҿоуп. Ақалақь аԥсҭазаара иазыханҳәуеит ҳәа иҳәеит Чечнтәыла ахада Рамзан Кадыров Telegram-канале аҿы.

"Мариуполь 90-95 процент ахы иақәиҭтәуп. Ақалақь аԥсҭазаара азыхынҳәра иаҿуп. Ауаа рҽыҵәахны иахьыҟаз аҟынтәи адәахьы ицәырҵит. Иҟоуп амашьынақәа рыла иныҟәо, иҟоуп Ростовҟа ацара иаҟәыҵны Мариупольҟа ихынҳәыз", - иҩуеит Кадыров.

Аҳәынҭдумаҿы Чечниа ахьӡала адепутат Адам Делимханов итрофеиу азоваа рациала мцыла абандитцәа ирыларгалаз украинаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит урыстәылатәи аган рхы рырҭарц. Убри аан иҳәеит "Азов" акомандирцәа шаҭара шырмоуа.
"Урҭ рҵыхәтәа уеигәырӷьартә иҟам. Украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа Мариуполь иахьазы рҽеизакны иахьыҟоу аметаллургиатә комбинат "Азовсталь" аҿоуп. Аха уахьынтәигьы рҭыҩра иҭаҳцоит", - иҳәеит Кадыров.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Макрон иеиҳәеит Мариуполь амилаҭеилыхцәа рабџьар шьҭарҵароуп ҳәа
2014 шықәсазы Мариуполь инхон 450 нызқьҩык. Донецк ашьҭахь иреиҳау қалақьуп ҳәа ишьан. Аха ԥхынгәымза уи ашықәсаз украинатәи амчрақәа Мариуполь рнапахьы ианнарга ашьҭахь ақалақь мрагыларатәи ахәҭақәа Украина реиҳа ишәарҭоу ҭыԥны иҟалеит.