Медведев: Урыстәыла иаҩызоу атәылақәа роуп аалыҵқәа ззынашьҭхо

Мраҭашәара Урыстәыла аганахь ала афинанс-економикатә санкциақәа аланагалеит Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь. Урыстәыла урҭ рҭакс иаҩызам атәылақәа рсиа еиҿнакааит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik. Урыстәыла афатә аалыҵи ақыҭанхамҩа аалыҵи иаҩызоу атәылақәа роуп иззынанашьҭо, егьырҭ мап ҳәа иҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Медведев Telegram-канал аҿы

"Афатә аалыҵи ақыҭанхамҩа аалыҵи иаҳҩызоу атәылақәа рымацара ирзыныҳашьҭлоит (урҭ Европеи Аҩадатәи Америкеи иҟам). Аҩызцәа маҷымкәа иҳамоуп. Иаадҳархәалар ҟалоит амааҭ алагьы дара рмилаҭтә ԥара алагьы", - иҳәеит иара.

Урыстәыла Индиеи Китаи инарываргыланы арыцаалыҵ зҭиуа атәыла дуқәа иреиуоуп ҳәа азгәеиеҭит Медведев.
"Ус еиԥш иҟалеит – ҳара ҳаалыҵ атәылақәа жәпакы ршәарҭадараз акраҵанакуа. Ҳаалыҵ – абџьархеит. Иҭынчу, аха ишәарҭоу", - иҳәеит иара.
Аԥсны
Аекономика аминистрра Урыстәылаҟа атауар алгараз аԥҟара ҿыцқәа рзы ргәырҽанырҵоит
Иара иазгәеиҭеит урыстәылатәи ақыҭанхамҩа алыҵ аекспорт абџьар аекспорт еиҳауп. 2021 шықәсазы 37 млрд доллар рыхә азгәаҭан. Аха асанкциақәа ирхырҟьаны Урыстәыла иара ахаҭа афатә аалыҵтә шәарҭадара еиҿнакаароуп ҳәа.
"Урыстәыла афатә аалыҵи ақыҭанхамҩа аалыҵи иаҩызоу атәылақәа роуп иззынанашьҭо, егьырҭ мап. Акгьы рзаҳҭиуам, акгьы рымаҳхәаауам (иара усгьы 2014 шықәса раахыс асанкциақәа рзы рацәак ааҳхәомызт), - иҳәеит Медведев.
Иагьациҵеит аҳәынҭқарра инарҭбааны ақыҭанхамҩа ацхыраара шанаҭо.
Урыстәыла аиҳабыра Аԥсныҟа аалыҵ ԥкрада алагалара азин ҟарҵеит