Урыстәыла аиҳабыра Аԥсныҟа аалыҵ ԥкрада алагалара азин ҟарҵеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКонтейнерные перевозки грузов в порту Владивостока
Контейнерные перевозки грузов в порту Владивостока - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Ақәҵара аԥсахрақәа аланагалоит Урыстәылатәи атауарқәа ралгара аамҭалатәи аԥҟарақәа ҳәаақәызҵо актқәа рахь.
АҞӘА, хәажәкыра 18- Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ареспублика Беларусь рахь аалыҵ ԥкрада алагалара азин ҟарҵеит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аофициалтә интернет портал аҿы.
Контейнерные перевозки грузов в порту Владивостока - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Аԥсны
Урыстәыла иалырго 200 хкы атауар ЕАХ-и, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь анашьҭразы азин ыҟоуп
Уаанӡа ирыдыркылаз ақәҵарақәа рҿы 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа Урыстәыла атауарқәа Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь рынашьҭра азин ҟаҵан.

Уажәы уи аиҭакрақәа аҭаны Аԥсны, ДЖәР, ЛЖәР, Аахыҵ Уаԥстәыла, Ареспублика Беларусь рахь аалыҵ ԥкрада алагалара азин ҟарҵеит.

Адокумент инақәыршәаны ирҭбаауп атауар ахьҭыҵыз шьақәзырӷәӷәо адокументқәа реиқәыԥхьаӡа.
Анашьҭҩы ихы иаирхәар ҟалоит:
Атауар аҭыжьраз асертификат – аформа СТ-1,
Даҽа сертификатк, атауар Урыстәыла ишҭыжьу шьақәзырӷәӷәо, асертификатқәа рызҭо аиҿкаара азинмчала ишьақәыргыланы,
Ма Ааглыхратә хәаахәҭразы аминистрра иаҵанакуа, иалкаау тауарқәак рзы Урыстәыла ишҭыжьу азы ааглыхратә шьақәырӷәӷәа.
Уажәшьҭа аиҳабыра ироуеит алшара Ааглыхратә хәаахәҭразы аминистрреи Аекономикатә ҿиаразы аминистрреи зықәшаҳаҭу Афедералтә усбарҭақәа ражәалагалақәа инарықәыршәаны ишьақәыргылоу аалыҵқәа реиқәыԥхьаӡа атәыла алгараз азинҟаҵара.
Ажәабжьқәа зегьы
0