Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Аԥснынтәи ДЖәР хатәгәаԥхарала еибашьра ицаны иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит

Кәтол ақыҭан инхоз Ахра Киркинаӡе Донецк артҟәацга анԥжәаз дҭахеит хәажәкыра 31 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Аԥснынтәи Донецктәи Жәлар Рреспубликахь хатәгәаԥхарала еибашьра ицаны иҭахаз Ахра Киркинаӡе иԥсыбаҩ ааргеит иқыҭа гәакьа Кәтолҟа, абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭа аусзуҩцәа, Аԥсны аиҳабыра рыдҵала, Донецктәи Жәлар Рреспубликахь ицеитхатәгәаԥхарала еибашьуаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргаразы.
Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥган Донецк.
Траурная церемония в Донецкой Народной Республике
Ахра Киркинаӡе дҭахеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рбаталион даланы Донецк аибашьраҟны. Иара 36 шықәса ихыҵуан, хәҩык ахшара иааӡон.
Аԥсны
Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз ахаҵа дҭахеит