Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥснынтәи Донбасс хатәгәаԥхарала еибашьуаз ахаҵа дҭахеит

© Foto / АШӘАЏЬҲӘАРАҚӘААхра Киркинадзе
Ахра Киркинадзе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2022
Анапаҵаҩра
Кәтол ахада иаацҳамҭала Донбасс ицо аоперациа ҷыда иалахәуп хәҩык ақыҭауаа.
АҞӘА, мшаԥы 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Кәтол инхоз Ахра Киркинаӡе Донецк дҭахеит хәажәкыра 31 азы ҳәа Sputnik иазааицҳаит ақыҭа ахада Вахтанг Кәарцхьиа.
"Иахьынӡаздыруала иара данҭахоз ицҭахеит урыски уаԥски. Донецк деибашьуан иара иаб иашьа иԥа –Емзаргьы. Уи акантузиа иоуит", - еиҭеиҳәоит Кәарцхьиа.
Ақыҭа ахада иҳәеит Ахра Киркинаӡе дышпатриотыз, иԥсадгьыл бзиа ишибоз. Иара 36 шықәса ихыҵуан, хәҩык ахәыҷқәа драбын.
Украина Донецктәии Лугансктәии ареспубликақәа азханаҵеит жәабран 21 азы, жәабран 24 азы арратә операциа ҷыда иалагеит Украина абџьархыхрази Донбасс ахақәиҭтәрази.
Хәажәкыра 25 азтәи адыррақәа рыла 1351-ҩык урыстәылатәи аруаа ҭахахьеит, 4000-ҩык ахәрақәа роухьеит. Украинатәи аруаа рҟынтәи 14 000-ҩык ҭахахьеит.
Хәажәкыра 31 азтәи адыррала Донецк 70-ҩык аҭынч уааԥсыра ҭахахьеит, ааха роуит 857-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0