Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла Буча ауаа рҭахаразы иахарарҵо зегь мап рыцәнакуеит ҳәа иҳәеит Песков

Амҽыша Украина Атәылахьчара аминистрра, анаҩс украинатәи АИХқәа иаладырҵәеит авидео – Киевтәи аобласт, Буча ақалақь аҿы иҭыхуп ҳәа зхырҳәааз ишьу ауаа амҩа иахьаныжьлаз аазырԥшуаз. Ацәгьоура урыстәылатәи аруаа ирхараҵан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Урыстәыла Буча ақалақь аҿы ауаа рҭахаразы иахарарҵо зегь мап рыцәнакуеит ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков ҳәа аанацҳауиет РИА Новости.
Ари атема жәларбжьаратәи аҩаӡарала иҭҵаатәуп, аха уи Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Ашәарҭадаратә хеилак аҿы алацәажәаразы Урыстәыла ажәадгала мап ацәкын ҳәа иҳәеит Кремль ахаҭарнак.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз иашам рҳәеит
Песков иҳәеит АИХқәеи арратә усбарҭақәеи иаладырҵәаз аинформациа аҭҵаара шаҭаху уи амцра ахьаныԥшуазы.
Песков иара убасгьы иҳәеит ари ахҭыс амзартә еишьҭагылашьа инақәыршәаны аиаша иацәыхароуп ҳәа, жәларбжьаратәи ахадацәагьы ццакрыла имахцәажәаларц ааԥхьара ҟаиҵеит.

"Аҭагылазаашьа усеиԥш ишьақәгылоуп, ҳара ҳхаҭақәа аҳәара ҟаҳҵоит адунеижәларбжьаратә хадара мыццакыкәа иҟоу ҭырҵаарц азы, еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟынтәи аинформациа еизыркырц азы", - иҳәеит иара.

Урыстәыла иагәҭакуп адипломатиатә ҩаӡарала аҭагылазаашьа ЕАР Ашәарҭадаратә хеилак иҭнаҵаарц.