Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз иашам рҳәеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство обороны России
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Арбџьармчқәа Украина арратә инфраструктуреи архәҭақәеи шракәу изеихсуа.
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз ажәабжь иашам ҳәа ахырҳәааит, абри атәы аҩуеит РИА Новости.
Уаанӡа украинатәи ателеканалқәеи аинтернети рҿы ицәырыргеит Киевтәи аобласт Буча ақалақь аҿы иҭырхызшәа зхырҳәааз авидео, уи аҿы иубарҭоуп амҩа ауаа рыԥсыбаҩқәа шаныжьлоу. Аха уи збаз ахәаԥшцәа аӡәырҩы рылаԥш иҵашәеит "аԥсыбаҩқәа" рнапқәа ишнахаахоз, арратә техника анымҩасуаз ирыҵамхарц азы ишырнахоз. Иара убас ашьҭахьҟа иҟоу узырбо асаркьа ишҭнахыз гәоуҭар алшоит "иҭахаз" аӡәы дышгылаз аоператор дзықәтәаз амашьына анрывс ашьҭахь.
"Киевтәи арежим ицәырнагаз афотоқәеи авидеоқәеи, урыстәылатәи аруаа Буча "ацәгьоурақәа" ҟарҵазшәа ирҳәо - провокациоуп", - ҳәа ануп аусбарҭа аҳәамҭаҿы.
Хәажәкыра 24 раахыс Украина абџьарахыхра амҩаԥгаразы арратә аоперациа ҷыда цоит. Урыстәыла ахада Владимир Путин иҳәеит уи хықәкыс ишамоу киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчара. Уи азы Украина "абџьараҟәныхреи аденацификациеи" мҩаԥгатәуп иҳәеит иара. Урыстәылатәи Арбџьармчқәа икылкааны иқәыргоит арратә хыбрақәа, аҭынчуааԥсыреи аграждантә инфраструктуреи ԥырхага рымҭакәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0