Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра: аминатә шәарҭара алзмыршаша ауснагӡатәқәа ҳадаҳкылоит

Уаанӡа Ҭырқәтәыла атәылахьчаратә усбарҭа аҳәамҭа ҟанаҵеит Амшын еиқәаҿы аӷбаӡсаразы шәарҭара ыҟам ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра аминатә шәарҭара алызмыршаша ауснагӡатәқәа шаднакыло аҳәеит.
Иазгәаҭоуп аминатә ескадрилиа, аӡаҵаҟатә гәыԥқәа иалшо зегь шымҩаԥырго Амшын еиқәа аҵакыраҿы аминатә шәарҭара аԥыхразы.
Аминақәа анырбалак, даара рмаршә кны иԥыржәоит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра Амшын еиқәаҿы аҽа минак рыԥшааит
Аусбарҭа уаанӡа иаҳәахьан Игнеада (Амшын еиқәа мраҭашәаратәи ахәҭа) иахьаҵанакуа, Болгариа иацәыхарамкәа амина шырбаз.
Уаанӡатәи Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Урыстәыла аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рымшын баӷәазақәа рҭаларҭаҿы 420 мина ӡхырҵеит.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, зҭыԥ иамҵны амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын аҵакырахь инанагар алшоит ҳәа. Ҭырқәтәыла Арра-мшынтә флот аҳәара ҟарҵеит амшын иӡсаало аминақәа аӷбақәа хылаԥшра рырҭаларц ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан агазеҭ Hürriyet.
Тырқәтәылатәи амина-ԥшааратә ӷбақәа ҷаԥшьоит Амшын еиқәаҿы ҳәа рҳәеит Анкара