Тырқәтәылатәи амина-ԥшааратә ӷбақәа ҷаԥшьоит Амшын еиқәаҿы ҳәа рҳәеит Анкара

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтраны мира. Турция
Страны мира. Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Асабша ашьыжь Босфортәи аӡыбжьахала аҭаларҭаҿы Ҭырқәтәыла арратә усбарҭақәа ирбаз амина иеиԥшыз ԥыржәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik. Амина-ԥшааратә ӷбақәа ҷаԥшьоит Амшын еиқәаҿы, ашәарҭаратә ҭагылазаашьа ыҟаӡам ҳәа аанацҳауеит иҳәеит Ҭырқәтәыла амилаҭтә хьчара аминистр Хулуси Акар, абри иажәақәа аанацҳауеит РИА Новости.
Уаанӡа Босфортәи аӡыбжьахала аҭаларҭаҿы ирыԥшааит амина, ҭырқәтәылатәи атәылахьчара аминистрра ирҳәеит ари азҵаара аганахь ала Москвеи Киеви реиҿцәажәарақәа шымҩаԥгатәу. Аӡыбжьахала аамҭала иаркын, аамҭақәак рышьҭахь иаадыртит.
"Амшын еиқәаҿы ашәарҭаратә ҭагылазаашьа ыҟаӡам. Ҳара ҳаӷбақәа аминақәа рыԥшааразы иҷаԥшьоит", - ҳәа ажурналистҵәа иреиҳәеит Акар.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Урыстәыла аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рымшын баӷәазақәа рҭаларҭаҿы 420 мина ӡхырҵеит.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, зҭыԥ иамҵны амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын аҵакырахь инанагар алшоит ҳәа. Ҭырқәтәыла Арра амшынтә флот аҳәара ҟарҵеит амшын иӡсаало аминақәа аӷбақәа хылаԥшра рырҭаларц ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан агазеҭ Hürriyet. Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган иҳәеит атәылахьчарра аминистрра Амшын еиқәаҿы иӡсо аминақәа рзы аинформациа аганахьала ауснагӡатәқәа аднакылоит ҳәа.
Стамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра: амина иеиԥшыз аобиект ԥаҳжәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0