Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра Амшын еиқәаҿы аҽа минак рыԥшааит

© Sputnik / Антон Денисов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на город Анкара
Вид на город Анкара - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла ахада Таиип Ердоган иажәақәа рыла атәылахьчара аминистрра иахәҭаны иҟоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит Амшын еиқәаҿы иҟоу аминақәа рганахь ала.
АҞӘА, хәажәкыра 28 – Sputnik. Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра Болгариа аҳәаа ааигәара Амшын еиқәаҿы аҽа минак шырыԥшааз азы аҳәамҭа ҟарҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"2022 шықәса хәажәкыра 28 азы Игнеада, Болгариа аҳәаа иаԥну аҭыԥ аҿы аҽа минак рбеит. Уахь оперативла инашьҭын аӡаҵаҟатәи ахьчара агәыԥ (SAS). Амина аиҵыхразы аусутәқәа ирылагоуп", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Уаанӡа Босфортәи аӡыбжьахала аҭаларҭаҿы ирыԥшаахьан амина, ҭырқәтәылатәи атәылахьчара аминистрра ирҳәеит ари азҵаара аганахь ала Москвеи Киеви реиҿцәажәарақәа шымҩаԥгатәу. Аӡыбжьахала аамҭала иаркын, аамҭақәак рышьҭахь иаадыртит.
Ашәахьа ашьыжь Ҭырқәтәылантәи Ростовҟа амҩа иқәыз аидарамҩангага аӷба ааха аиуит, аха уи зыхҟьаз макьаназ аӡбахә ҳәам.
Стамбул - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Ҭырқәтәыла Атәылахьчара аминистрра: амина иеиԥшыз аобиект ԥаҳжәеит
Амина-ԥшааратә ӷбақәа ҷаԥшьоит Амшын еиқәаҿы, ашәарҭаратә ҭагылазаашьа ыҟаӡам ҳәа аанацҳауеит Ҭырқәтәыла амилаҭтә хьчара аминистрра.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адыррақәа рыла, украинатәи аруаа Урыстәыла аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь Одесса, Очаков, Черноморск, Аладатәи рымшын баӷәазақәа рҭаларҭаҿы 420 мина ӡхырҵеит.
Аусбарҭаҿ иазгәарҭеит, зҭыԥ иамҵны амшын ихылаз аминақәа аӡыбжьахала Босфор ала Адгьылбжьаратә мшын аҵакырахь инанагар алшоит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0