Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра алаҳәара ҟанаҵеит Украина ҩаԥхьы аԥаршеирақәа шазнархио

Украина абџьархыхразы аоперациа ҷыда иалагазар аахыс урыстәылатәи ар рхымҩаԥгашьаз киевтәи арежим имцу аинформациа маҷымкәа иаладырҵәахьеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Киев амҵан УАМ урыстәылатәи аруаа иршьыз "аҭынч уааԥсыра" алархәны аҽа спектаклькгьы шаздырхиаз ҳәа иҳәеит Атәылахьчара аминистрра хаҭарнак ҷыда Игор Конашенков.

"Ишьақәырӷәӷәоу аинформациала мшаԥы 4 азы аиланхарҭа Мошьун аҿы аԥсихологиатә операциақәа рымҩаԥгаразы 72-тәи украинатәи ацентр урыстәылатәи аруаа иршьыз "аҭынч уааԥсыра" алархәны аҽа спектаклькгьы шаздырхиаз еилкаахеит, уи нас мраҭашәаратәи АИХқәа рыларҵәаразы", - иҳәеит иара.

Асеиԥш иҟоу аиҿкаарақәа мҩаԥгоуп ақалқьқәа Сумы, Конотопи уҳәа рҟны.
Амҽыша Украина Атәылахьчара аминистрра, анаҩс украинатәи АИХқәа иаладырҵәеит авидео – Киевтәи аобласт, Буча ақалақь аҿы иҭыхуп ҳәа зхырҳәааз ишьу ауаа амҩа иахьаныжьлаз аазырԥшуаз. Ацәгьоура урыстәылатәи аруаа ирхараҵан. Аха аинтернет-хархәаҩцәа уи аиашара агәра рымгеит. Атәылахьчара аминистрра ирҳәеит Буча аурыс ир гыланаҵы аҭынч уааԥсыра рҟынтә аӡәгьы ԥырхага имоуит ҳәа. Дара ақалақь иалҵит хәажәкыра 30 азы.
Урыстәыла Апрокуратура хада Буча иазку аԥаршеи ашьаус-зинтә хәшьара анаҭоит
Москва иахарарҵо зегь мап рыцәнакит. Москва ари атема жәларбжьаратәи аҩаӡарала иҭҵаатәуп, аха уи Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Ашәарҭадаратә хеилак аҿы алацәажәаразы Урыстәыла ажәадгала мап ацәнакит ҳәа азгәанаҭеит.