Аԥсны

Бжьаниеи Анқәаби Донбасс иҭахаз аибашьҩы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылеит

Аԥснынтәи Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿ хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ахра Киркинаӡе дҭахеит Донецк хәажәкыра 31 азы, уи иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 3 азы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи аԥыза-министр Александр Анқәаби Кәтолҟа инеит Донбасс иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз Ахра Киркинаӡе ҳаҭырла игәаларшәаразы, иара убас иуацәеи-иҭынхацәеи ирыдышшыларазы. Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маҵзура.
Аибашьҩы иуацәа ирыдышшыларц иара убас уахь инеит Аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра ахада иусбарҭа аиҳабы, аиҳабыра алахәылацәа.
Ахаша мшаԥы 6 азы, Очымчыра араион Кәтол ақыҭан анышә дамардоит хатәгәаԥхарала Донецк еибашьуаз Ахра Киркинаӡе.
Аԥсны аиҳабыра рыдҵала Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Донецкнтәи Ахра Киркинаӡе иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит мшаԥы 3 азы.
Ахра Киркинаӡе 36 шықәса ихыҵуан, иҭынхеит хәҩык ахшаара.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Аԥснынтәи ДЖәР хатәгәаԥхарала еибашьра ицаны иҭахаз иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь иааргеит