Аԥсны

Едуард Быҭәба идырбеит Чечентәылатәи аклиникатә хәшәтәырҭа аусушьа

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозныи иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Чечентәи Ареспублика агәабзиарахьчара аимнистр Идрис Баисултанов Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа идикылеит, анаҩс Едуард Быҭәба Чечниа ареспубликатә клиникатә хәышәтәырҭа аусушьа идырбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Telegram-канал аҿы.
Аиԥылараҿ аминистрцәа алацәажәеит агәабзиарахьчара аус аҟны ҩ-ганктәи аинырра азҵаарақәа.
Баисултанов аԥснытәи иколлега агәра ииргеит А.А. Кадыров ихьӡ зху Чечентәлатәи аҳәынҭуниверситет амедицинатә институт аҭаларазы адгылара шыҟаиҵо.
"Ари ажәадгала хымԥада ҳхы иаҳархәоит ", – иҳәеит Быҭәба Баисултанов ҭабуп ҳәа иаҳәо.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозни иҟоуп
Чечентәи Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алам Гадаев Едуард Быҭәба Чечниа ареспубликатә клиникатә хәшәтәырҭа аусушьа изеиҭеиҳәеит. Быҭәба ахәшәтәратә ҟәшақәа, адиагностикатәии ахәшәтәратәии мыругақәа иирбеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада . Иара убас аӡәыӡәритә станциа.
Ахәшәтәырҭа азеиԥш ҵакыра 72 000 метр ԥшьыркца ыҟоуп. Аамҭак ала 600-ҩык аднакылоит, аус руеит аҟәшақәа ааба, 22 аԥҟаратә залқәа. Аконсультативтә поликлиника 400-ҩык аднакылар алшоит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа.
Аԥсны
Аԥсни Чечентәылеи аус еицырулоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны
Быҭәбеи ахәшәтәырҭа анапхгареи еилацәажәеит атехнологиа ҿыцқәа рхархәараз аԥснытәи амедусзуҩцәеи чечниатәи рколлегацәеи аилацәажәарақәа мҩаԥыргаларц. Уи азы Грозныи ахәшәтәырҭаҿ аус ауеит ателемедицина акабинет. Арантәи иалшоит авидеоконференциақәа, авидео-консультациақәа, авидео-консилиумқәа рымҩаԥгара.
Быҭәба изеиҭаҳәан ахәшәтәырҭа ӡәыӡәрила аиқәыршәара асистема ишаҵанакуа 200 баллони 25 тонна зкуа агазификатори.