Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Едуард Быҭәба идырбеит Чечентәылатәи аклиникатә хәшәтәырҭа аусушьа

© Foto / Минздрав Абхазии Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозни иҟоуп
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозни иҟоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозныи иҟоуп.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Чечентәи Ареспублика агәабзиарахьчара аимнистр Идрис Баисултанов Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа идикылеит, анаҩс Едуард Быҭәба Чечниа ареспубликатә клиникатә хәышәтәырҭа аусушьа идырбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Telegram-канал аҿы.
Аиԥылараҿ аминистрцәа алацәажәеит агәабзиарахьчара аус аҟны ҩ-ганктәи аинырра азҵаарақәа.
Баисултанов аԥснытәи иколлега агәра ииргеит А.А. Кадыров ихьӡ зху Чечентәлатәи аҳәынҭуниверситет амедицинатә институт аҭаларазы адгылара шыҟаиҵо.
"Ари ажәадгала хымԥада ҳхы иаҳархәоит ", – иҳәеит Быҭәба Баисултанов ҭабуп ҳәа иаҳәо.
© Foto / Минздрав Абхазии Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозни иҟоуп
Министр здравоохранения Чеченской Республики Идрис Байсултанов встретился с делегацией министерства здравоохранения Абхазии возглавляемой министром Эдуардом Бутба - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба зхадараҿы дыҟоу аминистрра аделегациа усутә ныҟәарыла Грозни иҟоуп
Чечентәи Ареспублика Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алам Гадаев Едуард Быҭәба Чечниа ареспубликатә клиникатә хәшәтәырҭа аусушьа изеиҭеиҳәеит. Быҭәба ахәшәтәратә ҟәшақәа, адиагностикатәии ахәшәтәратәии мыругақәа иирбеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада . Иара убас аӡәыӡәритә станциа.
Ахәшәтәырҭа азеиԥш ҵакыра 72 000 метр ԥшьыркца ыҟоуп. Аамҭак ала 600-ҩык аднакылоит, аус руеит аҟәшақәа ааба, 22 аԥҟаратә залқәа. Аконсультативтә поликлиника 400-ҩык аднакылар алшоит уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа.
Встреча Эльхана Сулейманова и министр здравоохранения Эдуард Бутба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Аԥсны
Аԥсни Чечентәылеи аус еицырулоит агәабзиарахьчара аусхк аҟны
Быҭәбеи ахәшәтәырҭа анапхгареи еилацәажәеит атехнологиа ҿыцқәа рхархәараз аԥснытәи амедусзуҩцәеи чечниатәи рколлегацәеи аилацәажәарақәа мҩаԥыргаларц. Уи азы Грозныи ахәшәтәырҭаҿ аус ауеит ателемедицина акабинет. Арантәи иалшоит авидеоконференциақәа, авидео-консультациақәа, авидео-консилиумқәа рымҩаԥгара.
Быҭәба изеиҭаҳәан ахәшәтәырҭа ӡәыӡәрила аиқәыршәара асистема ишаҵанакуа 200 баллони 25 тонна зкуа агазификатори.
Ажәабжьқәа зегьы
0