Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022

Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара анымҩаԥысуа еилкаахеит

Аԥсны Жәлар Реизарахь аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит ҩ-алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны лаҵарамза 14, 28 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7- Sputnik. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәараз Аусԥҟа инапы аҵеиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

Ахада Иусԥҟеи Аԥсны Аконституциа 41 ахәҭаҷи инарықәыршәаны Жәлар Реизара абыжьбатәи ааԥхьара раԥхьатәи реилатәара мҩаԥгахоит мшаԥы 12 асааҭ 12:00 рзы.

Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 азы.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, абжьыҭара шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ алхырҭа ҭыԥ хада №8 аҟны аиҭалхрақәа рымзартә уснагӡатә шьақәнаргылеит
Иара убас лаҵарамза 14 азы Гәдоуҭатәи ақалақьтә 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, иқәгылаз акандидатцәа иахәҭаз абыжьқәа рхыԥхьаӡара ахьырмоуз иахҟьаны.