Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны АКХ алхырҭа ҭыԥ хада №8 аҟны аиҭалхрақәа рымзартә уснагӡатә шьақәнаргылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит аҩбатәи атур аҿы акандидатцәа абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны. Аиҭалхра мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы.
АҞӘА, мшаԥы 6- Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада 8-тәи алхырҭа ҭыԥ хада аҟны аиҭалхрақәа рымҩаԥгаразы рымзартә уснагӡа шьақәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс".

Ауснагӡа инақәыршәаны аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи рҭаҩра мҩаԥгахоит мшаԥы 8 инаркны мшаԥы 28 асааҭ 18:00 аҟынӡа.

Адепутатрахь акандидатцәа ҭарыҩуеит - мшаԥы 8 инаркны мшаԥы 28 асааҭ 18:00 аҟынӡа.
Адепутатрахь акандидатцәа ҭарыҩуеит мшаԥы 28 лаҵара 18 рзы.
Акандидатцәа шҭарҩыз азы адырра кьыԥхьхоит аҭаҩра ашьҭахь аԥшьбатәи амш иахымгакәа.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Аԥсны
Аԥсны Апарламент Жәлар Реизарахь адепутатцәа ралхразы азакәан аиҭакрақәа ирыхәаԥшит
Абжьыҭара ахьымҩаԥгахьоуи ианымҩаԥгахои рзы алхыҩцәа адырра рыҭахоит лаҵара 18 иахымгакәа, иара убри аан азеиԥшдырразы ицәыргахоит алхыҩцәа рсиақәа.
Алхратә биуллитенқәа рыла акомиссиақәа еиқәдыршәоит алхрақәа 1-2 мшы шагу.
Абжьыҭара ахаҭа мҩаԥгахоит лаҵара 28 азы асааҭ 08:00 - 20:00 рзы.
Лаҵара 28-29 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа ркомиссиақәа абжьыҭара алҵшәақәа рзы аԥкаанҵақәа нарышьҭуеит алхырҭатә ҭыԥ хадақәа ркомиссиақәа рахь, алхрақәа рышьҭахь ҩымш ирхымгакәа.
Заанаҵтәи адыррақәа ҟаҵахоит лаҵара 29 азы. Иалху акандидат ашәҟәы дҭаргалоит алхра ашьҭахь бжьымш ирхымгакәа.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ашәҟәы иҭаргалеит Аԥсны Жәлар Реизарахь иалху 16-ҩык адепутатцәа
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы, усҟан иалхын 17-ҩык адепутатцәа, 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥган хәажәкыра 26 рзы.
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла, абжьыҭара шьақәгылеит алхратә ҭыԥқәа 16 рҟны, Алашарбагатәи аабатәи алхратә ҭыԥ хадаҿы аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит иқәгылаз акандидатцәа алхрақәа аҩбатәи ртур аҟны абжьқәа еиҟараны иахьроуз иахҟьаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0