АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аефир аҿы.
"Ҳгәаанагарала, иахьазы иарбанызаалак афатә аалыҵқәа рганахь ала еиԥҟьарак ыҟам, избанзар Урыстәыла ари аус ахылаԥшра ду анаҭоит. Ишыжәбо ала Урыстәыла Аԥсни аҩызара зыбжьоу аҳәынҭқаррақәеи рганахь ала еснагь аҷыдалкаақәа ҟанаҵоит. Убри азы ари апроцесс ахылаԥшра аҭахоит", - лҳәеит Озган.
Кристина Озган ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалараз азакәан инақәыршәаны аиҳабыра ирыдыркылеит ақәҵара афатә аалыҵқәак рганахь ала ахәԥсақәа ҭышәныртәалазарц.
"Афатә аалыҵи егьырҭ атауарқәеи рыхәқәа акыр иахьышьҭыҵыз азы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аиҳарак афатә аалыҵи атауарқәеи Урыстәылантәи иахьаарго азы аиҳабыра аӡбрақәа рыдыркылоит", - лҳәоит аминистр.
Аиҳабыра афатә аалыҵ хадақәа рыхәԥсацҵақәа рҳәаа шьақәдыргылеит.
Уи адагьы Аԥсны анаплакыҩцәа рыдгыларазы аамҭала иаԥыхуп егьырҭ атауарқәак рзгьы аҳазатә баџьқәа.