https://sputnik-abkhazia.info/20220408/ozgan-asny-afataaly-adifitsit-aloit-a-sharara-yam-1038547570.html
Озган: Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам
Озган: Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам
Sputnik Аҧсны
Мшаԥы 7 азы Аиҳабыра ирыдыркылеит аекономикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа раан абизнеси ауааԥсыреи рыдгылара алзыршо ауснагӡатәқәа. 08.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-08T09:00+0300
2022-04-08T09:00+0300
2022-04-08T09:49+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аекономика
ауаажәларра
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102977/19/1029771910_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_d576ce258af689afbb0644231d9eaf91.jpg
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аефир аҿы.Кристина Озган ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалараз азакәан инақәыршәаны аиҳабыра ирыдыркылеит ақәҵара афатә аалыҵқәак рганахь ала ахәԥсақәа ҭышәныртәалазарц."Афатә аалыҵи егьырҭ атауарқәеи рыхәқәа акыр иахьышьҭыҵыз азы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аиҳарак афатә аалыҵи атауарқәеи Урыстәылантәи иахьаарго азы аиҳабыра аӡбрақәа рыдыркылоит", - лҳәоит аминистр.Аиҳабыра афатә аалыҵ хадақәа рыхәԥсацҵақәа рҳәаа шьақәдыргылеит.Уи адагьы Аԥсны анаплакыҩцәа рыдгыларазы аамҭала иаԥыхуп егьырҭ атауарқәак рзгьы аҳазатә баџьқәа.
https://sputnik-abkhazia.info/20220407/asny-afataalyak-rykhsatsa-aaara-shayrgyloup-1038540134.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220407/aministrtsa-reilazaara-atyla-ialyrgalo-tauarak-rzy-aazalkhrat-ba-aamala-iayrkhit-1038540722.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102977/19/1029771910_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_1eceeaad75d86ca8d1f47bea063ac1b0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аекономика, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аекономика, ауаажәларра
Озган: Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам
09:00 08.04.2022 (ирҿыцуп: 09:49 08.04.2022) Мшаԥы 7 азы Аиҳабыра ирыдыркылеит аекономикатә ҭагылазаашьа ҿыцқәа раан абизнеси ауааԥсыреи рыдгылара алзыршо ауснагӡатәқәа.
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны афатәаалыҵ адефицит ҟалоит ҳәа шәарҭара ыҟам ҳәа лҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аефир аҿы.
"Ҳгәаанагарала, иахьазы иарбанызаалак афатә аалыҵқәа рганахь ала еиԥҟьарак ыҟам, избанзар Урыстәыла ари аус ахылаԥшра ду анаҭоит. Ишыжәбо ала Урыстәыла Аԥсни аҩызара зыбжьоу аҳәынҭқаррақәеи рганахь ала еснагь аҷыдалкаақәа ҟанаҵоит. Убри азы ари апроцесс ахылаԥшра аҭахоит", - лҳәеит Озган.
Кристина Озган ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарратә ҭышәныртәалараз азакәан инақәыршәаны аиҳабыра ирыдыркылеит ақәҵара афатә аалыҵқәак рганахь ала ахәԥсақәа ҭышәныртәалазарц.
"Афатә аалыҵи егьырҭ атауарқәеи рыхәқәа акыр иахьышьҭыҵыз азы, Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аиҳарак афатә аалыҵи атауарқәеи Урыстәылантәи иахьаарго азы аиҳабыра аӡбрақәа рыдыркылоит", - лҳәоит аминистр.
Аиҳабыра афатә аалыҵ хадақәа рыхәԥсацҵақәа рҳәаа шьақәдыргылеит.
Уи адагьы Аԥсны анаплакыҩцәа рыдгыларазы аамҭала иаԥыхуп егьырҭ атауарқәак рзгьы аҳазатә баџьқәа.