Аԥсны

Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны

Мшаԥымза 10 рзы иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 85 шықәса ихыҵуан ашәҟәыҩҩы, адраматург, аҵарауаҩ, аҟазараҭҵаара адоктор, апрофессор, ауаажәларратә усзуҩы Алықьса Хәыта-иԥа Аргәын. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит апоет Анатоли Лагәлаа.
Sputnik

Алықьса Аргәын ҳаԥсуа литературеи ҳкультуреи рҿы даара аџьабаа збаз, иреиӷьу ҳинтеллигентцәа хатәрақәа дреиуоуп. Уи сара санихьӡа иаркы-иаркы ирцә ҳәа даныҟаз аамҭаз ауп. Усҟан иара Аԥсны автономтә республика акультура даминистрын, актәи амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан Борис Виктор-иԥа Адлеиба. Иҟалап урҭ ашықәсқәа раан раҟара ҳаԥсуа культура, ҳлитература ҽаԥара имыԥацзар.

Зыԥсҭазаара еибашьрак еиԥш изхызгаз: Алықьса Аргәын игәаларшәара иазкны

Аԥсны жәлар рартист Васили Михаил-иԥа Царгәыш акырынтә еиҭеиҳәауа саҳахьан Аԥснынтәи аҳәаанырцәҟа ицоз ансамбльқәа зегьы иара ԥызара шырзиуаз, уи шаҟа иԥшӡаны иҵауланы ҳаԥсадгьыл дахцәажәоз, 50-60 нызқьҩык ауаа зкуаз астадион дуқәа напеинҟьарыла ишиԥылоз, ишизыӡыҩруаз. Уи инарҵаулан аҵара ду змаз уаҩын, адунеи аҿы акырӡагьы дныҟәахьан, акыр милаҭ ибахьан, дрыҿцәажәахьан, ҳашьцәа ахьынхоз Ҭырқәтәыла акырынтә днеихьан, иара убасгьы дыҟан Шьамтәыла, уи данцәажәоз ргәы ҿкаауа, рылабжыш аҳәҳәыҳәа илеиуан зегьы.

Избанзар, Алықьса Хәыта-иԥа дышәҟәыҩҩын, дыдраматургын, культуратә усзуҩ дуун, ижәлар рхьааи, ргәырҩеи, ргәырӷьареи дрылагылан. Абраҟа иааҳгап ашәҟәыҩҩы адраматург ибиографиа. Уи аԥсышәалеи аурысшәалеи аҩ-бызшәакгьы изеиԥшны дыҩуан азы, урысшәала иҭижьхьоу ишәҟәқәа аоригиналаҿ ишыҟоу еиԥш урысшәала иаҳарбоит:

Аԥсуа ҟазараҭҵааҩы, атеатрҭҵааҩы, ашәҟәыҩҩы, адраматург, ауаажәларратә усзуҩы Аргәын Алықьса Хәыта-иԥа диит мшаԥы 10 1937 шықәсазы Аԥсны, Тҟәарчал ақалақь аҿы. Аҟазараҭҵаара адоктор, апрофессор ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара даԥсахеит 1991 шықәсазы. Аԥсны аҟазара зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихырҵеит 1982 шықәсазы. Иара СССР-и Аԥсни Рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа, анаҩс Урыстәыла Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла дрылахәылан, Аԥсны Акомпозиторцәа реидгыла далан. 2007 шықәсазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ианашьан арҵага шәҟәы "Художественная культура абхазов" азы. Иара убри ашықәс азы "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара дакавалерхеит.

1965 шықәсазы Тҟәарчалтәи актәи абжьаратәи ашкол даналга, дҭалеит А.В. Луначарски ихьӡ зху атеатртә ҟазара аҳәынҭқарратә институт (иахьа - Урыстәылатәи атеатртә академиа), абри аинститут аҟноуп акандидаттәи адоктортәи диссертациақәа ахьихьчазгьы.

Шьаҿацыԥхьаӡа иара ихаҿсахьа лаша ҳҿалашалоит: Алықьса Џьениа игәалашәаразы

Аус иуан ақыҭаҿы рҵаҩыс, 1968 шықәсазы Очамчыратәи акультура араионтә ҩны асахьаркыратә напхгаҩыс диаргоит. 1970 шықәса инаркны Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор ихаҭыԥуаҩыс дыҟан, аамҭакала алекциақәа дрыԥхьон А.М. Горки ихьӡ зхыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт аҟны. 1972 шықәса ажьырныҳәа 7 нахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректорс дҟалоит. 1973 шықәса ԥхынгәы 15 рзы С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректорс дарҭоит. 1973 шықәса анҵәамҭа инаркны 1986 шықәсазынӡа Аԥсны акультура аминистр имаҵура дахагылан. Уи нахыс Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә иститут аҟазара аҟәша деиҳабын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилософиеи акультурологиеи ркафедра дапрофессорын.

Алықьса Аргәын заа дазҿлымҳахеит алитература. 1965 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа ажурнал "Алашара" аҟны икьыҧхьит ановеллақәа рацәаӡаны, еиуеиԥшым ажанрқәа ирыҵанакуа адраматә ҩымҭақәа жәиԥшь. С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны иқәдыргылон ипиесақәа, иара убас ԥыхьатәи СССР ареспубликақәа жәпакы ртеатрқәа рсценақәа рҿгьы.

"Ҳлитература аԥсы ахьҭоу": ажурнал "Алашара" 65 шықәса ахыҵит

Алықьса Аргәын иԥсҭазаара далҵит Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа рашәара 29 2008 шықәсазы.

Иара жәаба инареиҳаны асакьаркыратә ҩымҭақәа реизгақәа дравторуп, иара убас алитература-критикатә уҳәа астатиақәа. Урҭ ркьыԥхьуан аԥсышәалеи, урысшәалеи, қырҭшәалеи ажурналқәа "Алашара", "Аԥсны аҟазара", "Собчаҭа Хеловнеба", "Театралури моамбе", агазеҭқәа "Аԥсны ҟаԥшь", "Аԥсны" уҳәа рҟны. Ҩажәа инареиҳаны аҭҵаарадырратәи аҭҵаарадырратә-популиартәи усумҭақәа ҭижьит аԥсуа театри, атеатри акинои рактиорцәеи, арежиссиорцәеи, амилаҭтә культура егьырҭ аусзуҩцәеи, арҿиаратә коллективқәеи аҟазареи ртеоретикатә проблемақәа ирызкны.

Алықьса Аргәын инапы иҵыҵыз аԥсышәала иҩу асахьаркыратә ҩымҭақәа иреиуоуп: "Апиесақәа реизга", "Ашьхақәа амшын иӡааԥшылоит. Апиесақәа", "Ҿамҩак аӡы. Апиесақәа", "Атама гәаӷь. Ановеллақәа", "Редед. Ановеллақәеи апиесақәеи".

Ахьы зҿыҵышәшәоз ашлақәа ирхылҵыз: Мушьни Миқаиа игәалашәара

Аурысшәахь аиҭагақәа иреиуоуп: "Песнь о сердце: Драма в 2-х частях, 6-ти картинах", "Горы смотрятся в море: Драма в 2-х частях", "Глоток воды. Пьеса-сказка: В 2-х действиях", "Да не угаснет мой очаг (Лирические и грустные сцены из жизни абхазского села): В 2-х действиях", "Горы смотрятся в море. Пьесы", "Дом горел, и песню пели... Новеллы", "Абхазия: ад в раю... (Беседы с погибшим сыном Баталом)", "Редед — князь адыгов. (Историческая новелла)".

Аԥсышәала иҭыҵыз иҟазараҭҵааратә усумҭақәа иреиуоуп: "Имааԥсаӡо агәы", "Ицәажәо аблақәа", "Аестетика адунеи"; урысшәала: "Абхазский театр", "История абхазского театра", "Абхазский государственный ордена "Знак Почета" драматический театр им. С. Я. Чанба", "Абхазский театр и фольклор", "Шарах Пачалиа — народный артист СССР", "Поет ансамбль абхазских долгожителей "Нартаа", "Народные танцы абхазов", "Ткуарчальский Абхазский государственный театр комедии им. Ш. Пачалиа", "Художественная культура абхазов", "Многоликий Джарнас".

Иара убас Алықьса Аргәын иҭҵаарадырратә усура аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥиҵеит аԥсуа культура ганрацәала иазааԥсахьаз аҟазауаа ирызкыз аусумҭақәа. Урҭ ззикыз иреиуоуп Шәарах Ԥачалиа, Константин Ковач, Софа Агәмааԥҳа, Едуард Бебиеи ансамбль "Шьараҭыни", Уасил Царгәыши Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә акәашаратәи ашәаҳәаратәи ансамбли, Шьалуа Гыцба, Вадим Судаков, Анна Аргәын-Коношок.

"Ужәлар рыпатуқәҵашьа уҽақәуршәароуп": Шьалуа Гыцба 85 шықәса ихыҵра иазкны

Қырҭшәала иҭыжьыз иҩымҭақәа иреиуоуп: "Азиз Агрба", "Михаил Ақаҩба", "Шәарах Ԥачалиа".

Алықьса Хәыта-иԥа аԥсҭазаараҿы даара ауадаҩра бааԥсӡақәа дрылаԥшит. Уи иҷкәынцәа аҩыџьагьы аибашьраҿы хаҵарыла аԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит. Иԥшәмеи иареи аӷа имацәаз иҭакыз Аҟәа иалаханы иҟан. Аха урҭ аказы ргәы кармыжьит, уимоу, Алықьса Хәыта-иԥа есымша маӡала дазыӡыҩруан Гәдоуҭантәи зыбжьы ааҩуаз Аԥсуа радио, нас иара иеиԥш иалахан иҟаз ҳмилаҭ ииулакгьы маӡала рлымҳаҟынӡа инеиртә иҟаиҵон ҳар ахьынӡанеихьаз, иарбан ҳаракырақәаз иргоз, шаҟа танк ԥыржәаз, шаҟаҩ рытҟәаз, иарбан аԥсуа қыҭақәаз зхы иақәиҭыртәыз. Ари аҩыза аус амҩаԥгара даара игәаӷьыуацәан, избанзар аӷа уи иааиҵидыраазҭгьы, иқәрагьы иҵарауаҩрагьы дахәамыԥшыкәа, иаразнак дытҟәаны ашьрахьы дигар илшон…

Алықьса иара иҿала исеиҳәахьан абри аҩыза ахҭыс: "Аибашьра иасакьаҳәымҭан. Иԥсыда-инхада рҳәон. Усҟан Тҟәарчал дыҟан сыҷкәын Даур. Аҽны зынӡа ахысбыжьқәа еиқәтәарак рымамызт наҟ-ааҟгьы. Ажәыларахь ицараны иҟаз ар рхыԥхьаӡара сара сыҷкәынгьы дыҟан, аха арота аиҳабы аамҭала дааникыларц иӡбеит, ԥыҭк иԥсы ааиҭеикырц, настәи ажәыларақәа рҟынӡа. Ари аниаҳа иуазма Даур, сара апрофессор сиԥоуп ҳәа аума сзаанышәкылоз, сыԥсы ҭанаҵы сҩызцәа ахьеибашьло саргьы срылагылазароуп иҳәан, имукәа дрыццеит…"

Алықьса Хәыта-иԥа иновеллақәеи, иажәабжьқәеи, идраматә пиесақәеи ибзиаӡаны ирныԥшит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра иацыз ахлымӡаахқәа зегьы, агәыҭҟьарагьы, агәымшәарагьы, ахаҵарагьы, ахҵәара-хыԥсаарагьы, аԥсадгьыл заҵә ахақәҵан ахьчарагьы. Уи еибашьҩы ӷәӷәак иеиԥш ихигеит иԥсҭазаара, хаҵаҵасгьы аҵыхәтәанӡатәи имшқәа рҟынӡа икалам кны "деибашьуан"… Аиашеи Аԥсни рхы рықәырҵеит иҷкәынцәа аҩыџьагь иаргьы… Ааи, рыԥсадгьыл еиҳаз дара рзы акгьы ыҟаӡамызт, дара рзгьы зегьы иреиҳаз, зегьы иреиӷьыз рыԥсҭазаарақәа ракәын, уи иамеигӡаӡакәа рыԥсадгьыл заҵә иарҭеит аби аԥацәеи…