Аԥсны

Аԥснытәи анаԥшцәа Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа шымҩаԥысуаз еиҭарҳәеит

Ааҩык злаз аԥснытәи анаԥшцәа рделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла аҳҭнықалақь аҿы иҟоуп атәыла ахада иалхрақәа рцашьа агәаҭаразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан амҽыша асааҭ 16:00 рзы ауаа раашьа 60% иартәеит, абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахаҭарнак Алиас Бранӡиа.
"Ауаа раашьа бзиоуп, алхрақәа ишахәҭоу еиҿкаауп. Ҳделегациа рҽеҩшаны алхратә ҭыԥқәа 20 ирҭааит. Аҭагылазаашьа иахьабалак иҭынчуп, анаԥшцәеи акандидатцәеи рҟынтәи гәынамӡарак ҳәа акгьы ҳмаҳаит", - иҳәеит иара.
Бранӡиа иажәақәа рыла, Цхинвал аԥсуа делегациа даара гәаартыла ирԥылеит. Аԥснытәи асасцәа иара убас аҭыԥантәи ауааԥсыра ирыҿцәажәарц аҭагылазаашьа рыман, урҭ иалырхуа рхада иҟынтәи иззыԥшу рҳәеит.
"Алхыҩцәа рхаҭақәа алхрақәа ныҳәак еиԥш ирыдыркылоит. Дара, хымԥада, рыԥсҭазаара еиӷьхоит ҳәа агәыӷра рымоуп, рыԥсадгьыл аҿиарамҩа ишаныло агәра ргоит. Иара убас ҳара иаҳԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла уажәтәи ахадеи Алхратә комиссиа хада ахантәаҩи", - иҳәеит Бранӡиа.
1 / 4

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рахь наԥшыҩцәак раҳасабала Аԥснынтәи аделегациа цеит.

2 / 4

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рахь наԥшыҩцәак раҳасабала Аԥснынтәи аделегациа цеит.

3 / 4

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рахь наԥшыҩцәак раҳасабала Аԥснынтәи аделегациа цеит.

4 / 4

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рахь наԥшыҩцәак раҳасабала Аԥснынтәи аделегациа цеит.

Аахыҵ Уаԥстәыла уажәтәи ахада Анатоли Бибилов ида атәыла ахадарахьы иқәгылоуп апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.
Алхрақәа рыҽны иаартын алхратә ҭыԥқәа 76, урҭ рахьтә 72 - Аахыҵ Уаԥстәыла, ҩба - Владикавказ, акака - Москвеи Аҟәеи. Зынӡа икьыԥхьуп 40 нызқь биуллетень.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ аусушьа далацәажәеит