https://sputnik-abkhazia.info/20220410/asny-iou-aakhy-uastyla-atsarazha-aa-iaartu-alkhrat-y-ay-aususha-dalatsazheit-1038576708.html
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ аусушьа далацәажәеит
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ аусушьа далацәажәеит
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы алхратә ҭыԥ аартуп. 10.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-10T10:45+0300
2022-04-10T10:45+0300
2022-04-10T10:56+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
ауаажәларра
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0a/1038576433_0:296:768:728_1920x0_80_0_0_aefa7fc7caab692411eae61187f1a6b8.jpg
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа иаарту Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рзы алхратә ҭыԥ аҟны аҭагылазаашьа ҭынчуп, зегьы ргәалаҟазаара бзиоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи азинмч нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.Боциев иазгәеиҭеит амҽыша асааҭ 10:00 рҟынӡа зыбжьы азҭахьоу Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауааи акандидатцәа рҟынтәи анаԥшцәеи роуп. Апарламент ахь аҵыхәтәантәи алхрақәа раан рыбжьы арҭеит 17-ҩык, ахада иалхрақәа раан - 51-ҩык.Боциев иажәа иацҵо иҳәеит алхратә ҭыԥ аадыртаанӡа Аԥсны АҶА акинологцәа уи шгәарҭаз. Азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аахыҵ Уаԥстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа. Абжьыҭира хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы амҽыша мшаԥы 10 рзы.Аахыҵ Уаԥстәыла ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.Алхрақәа рыҽны иаартуп алхратә ҭыԥқәа 76, урҭ рахьтә 72 - Аахыҵ Уаԥстәыла, ҩба - Владикавказ, акака - Москвеи Аҟәеи. Зынӡа икьыԥхьуп 40 нызқь биуллетень.
https://sputnik-abkhazia.info/20220409/asnyti-adelegatsia-aakhy-uastylaa-ineit-akhada-ialkhraa-rkhylashrazy-1038574637.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/04/0a/1038576433_0:224:768:800_1920x0_80_0_0_010b1e8e578be2e644c36eec23032d94.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, ауаажәларра
ажәабжьқәа, аполитика, ауаажәларра
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ аусушьа далацәажәеит
10:45 10.04.2022 (ирҿыцуп: 10:56 10.04.2022) Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы Амилаҭтә библиотека ахыбраҿы алхратә ҭыԥ аартуп.
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа иаарту Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа рзы алхратә ҭыԥ аҟны аҭагылазаашьа ҭынчуп, зегьы ргәалаҟазаара бзиоуп иҳәеит Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Аҷыдалкаатәи азинмч нагӡа змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
"Алхратә ҭыԥ аартын асааҭ 8:00 рзы. Ахадарахьы акандидатцәа хҩык рҟынтәи анаԥшцәа алахәуп. Асааҭ 10:00 рҟынӡа 11-ҩык рыбжьы арҭахьеит. Алхыҩцәа рсиа ыҟаӡам, избанзар Аԥсны иахьаҵанакуа инхо амч змоу атәылауаҩшәҟәқәа змоу Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа 5-ҩык роуп, . Шәачантәи алхыҩцәа ҳзаауеит ҳәа ҳарзыԥшуп", - иҳәеит иара.
Боциев иазгәеиҭеит амҽыша асааҭ 10:00 рҟынӡа зыбжьы азҭахьоу Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауааи акандидатцәа рҟынтәи анаԥшцәеи роуп. Апарламент ахь аҵыхәтәантәи алхрақәа раан рыбжьы арҭеит 17-ҩык, ахада иалхрақәа раан - 51-ҩык.
© Foto / Олег БоциевАахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ
© Foto / Олег БоциевАахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ
Боциев иажәа иацҵо иҳәеит алхратә ҭыԥ аадыртаанӡа Аԥсны АҶА акинологцәа уи шгәарҭаз. Азинеиҿкаара иахылаԥшуеит Аахыҵ Уаԥстәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа. Абжьыҭира хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы амҽыша мшаԥы 10 рзы.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа: иахьатәи ахада Анатоли Бибилов, апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.
Алхрақәа рыҽны иаартуп алхратә ҭыԥқәа 76, урҭ рахьтә 72 - Аахыҵ Уаԥстәыла, ҩба - Владикавказ, акака - Москвеи Аҟәеи. Зынӡа икьыԥхьуп 40 нызқь биуллетень.