Бибилов ибжьы аиҭеит Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа раан

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада иалхрақәа мҩаԥысуеит амҽыша мшаԥы 10 рзы. Кандидатцәас иқәгылоуп хәҩык, уажәтәи ахада Анатоли Бибиловгьы дназлоу.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла уажәтәи ахада Анатоли Бибилов ибжьы аиҭеит атәыла ахада иалхрақәа рҿы, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Цхинвал дахьынхо иацәыхарамкәа иҟоу алхратә ҭыԥ ахь иара днеит иҭаацәа иманы.
"Алхрақәа - ари ныҳәоуп, еиндаҭлараӡам. Уаанӡа иҟаз акәын аполитикатә еиндаҭлара. Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар ԥхьаҟатәи аԥеиԥш алырхуеит. Дара рыгәҭакқәа назыгӡаша, ԥхьаҟа изгаша далырхуеит", - иҳәеит Бибилов.
Аахыҵ Уаԥстәыла Алхратә комиссиа хада адыррала, асааҭ 11 рзы 13,2 % ауаа рыбжьы арҭахьан, абжьыҭира ҭынчны имҩаԥысуеит.
Бибилов ида атәыла ахадарахьы иқәгылоуп апарламент адепутатцәа Гарри Мулдарови Александр Плиеви, апарламенттә партиа "Ныхас" ахантәаҩы Алан Гаглоев, уаанӡатәи адепутат Дмитри Тасоев.
Аԥсны
Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Аҟәа иаарту алхратә ҭыԥ аусушьа далацәажәеит
Алхрақәа рыҽны иаартуп алхратә ҭыԥқәа 76, урҭ рахьтә 72 - Аахыҵ Уаԥстәыла, ҩба - Владикавказ, акака - Москвеи Аҟәеи. Зынӡа икьыԥхьуп 40 нызқь биуллетень.