Аԥсны

Мшаԥы 11 рзы Аҟәа амҩақәак рҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылахоит

Аҟәа амҩадуқәа хԥа - Џьонуа, Гәлиа, Абазақәа - реиҭашьақәыргылара иалагеит 2020 шықәса рзы, аха асфальти абетони реиларҭәа ахаҭабзиара ахьыцәгьаз иахҟьаны акаҭран ҿыц ақәҵара рықәшәеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Ашәахьа, мшаԥы 11 рзы асааҭ 9:00 инаркны Гәлиа имҩаҿы амашьынақәа рныҟәара ааныркылоит, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара апресс-маҵзура.
Амҩа аркхоит Сахаров имҩа инаркны Дбар имҩаҟынӡа, Гәлиеи Абазақәеи рымҩақәа реихысырҭеи Гәлиеи Воронови рымҩақәа реихысырҭеи налаҵаны.
Иара убас аҳҭнықалақь ахадара адырра ҟанаҵоит Абазақәа рымҩаҟны атроллеибусқәа рныҟәарагьы шаанкылахо.
Аԥкрақәа зыхҟьаз Гәлиа имҩаду аҿы акаҭран аҩбатәи аҽыҭ ақәҵара иахьалаго ауп. Аҳҭнықалақь амҩақәа рышьҭаҵара иалагеит 2020 шықәса рзы. Ргәы иҭоуп ақәаршыҩцарҭақәа рыԥсахра, ацәхыԥқәа раҭара, акаҭран ҿыц ашьҭаҵара.