Урыстәыла иҭоугалар иҟало еицтәароу аимпорт тауарқәа рыӡбахә рҳәеит

Аицтәаратә импорт-иҭзыжьыз изин ада аҽа мҩакала атәылахь иаларгало атауар.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Урыстәыла Ахәаахәҭра аминистрра еиҿнакаауеит аҭыжьыҩ имеида Урыстәылаҟа залагалара ауа абрендқәа рсиа ҳәа аҩуеит агазеҭ "Известия".
Асиа иаҵаркхоит Урыстәыла зусура аанызкылаз ма иаҟәыҵыз ахәаахәҭратә брендқәа.

"Ахәаахәҭра аминистрра иазгәанаҭоит аҭыжьыҩ имеида Урыстәылаҟа иалагалалазарц Урыстәыла зусура аанызкылаз ма иаҟәыҵыз ахәаахәҭратә брендқәа. Арахь иаҵанакыр ауеит амаҭәа, ашьапымаҭәа, егьырҭ атауарқәа", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Уаанӡа урыстәылатәи анапхгара азин ҟарҵахьан атәылаҿ иаҭахны ишьоу аицтәаратә импорт амҩаԥгаразы, иахәҭаны иԥхьаӡоу атауарқәа рсиа аздырхион.
Аминистрраҿы ирҳәеит атауарқәа реиқәыԥхьаӡа ҳәаақәҵахоит афедералтә усбарҭақәа ражәалагалақәа ирықәыршәаны ҳәа. Иазыԥхьагәаҭоуп ари асиахь иаҵанакып ҳәа ахархәаратә џьармыкьа арҭәразы иаҭаххо аалыҵ.
Урыстәыла аиҳабыра еицтәароу аимпорт аргаманатәит
Аминистрра иазнархиоит ааглыхра ласи егьырҭ ахархәаратә џьармыкьа аусхкқәа рыбрендқәа рсиа.
Аицтәаратә импорт аконтрафакт азинҟаҵара акәӡам иаанаго. Ари атәылахь атауар хаҭа аҽа мҩак ала алагалароуп иаанаго ҳәа рҳәеит Ахәаахәҭра аминистрраҿы.