Урыстәыла аиҳабыра еицтәароу аимпорт аргаманатәит

© Sputnik / Александр Астафьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПремьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ
Премьер-министр РФ М. Мишустин провел заседание правительства РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Анапаҵаҩра
Еицтәароу аимпорт амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҵакырахь иаларгаларц иҟало аалыҵ асиа Ахәаахәҭра аминистрра ишьақәнарӷәӷәоит.
АҞӘА, хәажәкыра 30 – Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра еицтәароу аимпорт аргаманатәит, аҳәаанырцә тауарқәа зҭаху рзы раагаразы, ахатәтәратә зин змоу ахаҿы иақәшаҳаҭрада. Абри атәы иҳәеит аԥыза-министр Михаил Мишустин асанкциақәа раамҭазы урыстәылатәи аекономика ашьақәыртәараз акомиссиа аилатәараҿы.
Еицтәароу аимпорт амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәыла аҵакырахь иаларгаларц иҟало аалыҵ асиа Ахәаахәҭра аминистрра ишьақәнарӷәӷәараны иҟоуп.
Ари хықәкыс иамоуп ахатәтәратә зин змоу ахаҿы иақәшаҳаҭрада уаанӡа Урыстәыла зыҭира ҟамлоз аинтеллектуалтә усура алҵшәақәа ирыҵаркуа атауар азы аҭахрақәа рхарҭәаара.

"Ааигәа иҳадаҳкылеит азакәан, иарбанзаалак аалыҵ уи зхатәу адунеи ахы-аҵыхәа иахьабалак изҭиуа ахатәтәҩы уи атауартә дыргазы азин ицәыӡразы жәларбжьаратәи апринцип шьақәыргылахоит, уи иабзоураны аиҳабыра азин роуеит заагара рҭаху аалыҵ аиқәыԥхьаӡа шьақәдыргыларц", - ҳәа иҳәеит Мишустин.

Атауарқәа реиқәыԥхьаӡа аҳәаақәҵара шьаҭас иаиуеит афедералтә усбарҭақәа ражәалагалақәа.
Еицтәароу аимпорт иԥаршеиу аалыҵ аргаматәра акәӡам иаанаго, уи иаанаго атауархаҭа еицтәароу аканалқәа рыла аагароуп ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.
КПП Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2022
Аԥсны
Аекономика аминистрра Урыстәылаҟа атауар алгараз аԥҟара ҿыцқәа рзы ргәырҽанырҵоит
Ажәабжьқәа зегьы
0