АҞӘА, мшаԥы 11 - Sputnik. Ҭырқәтәыла аибашьыга ӷбақәа Амшын еиқәаҿы идыргылар ауам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, атәыла амилаҭтә хьчара аминистр Хулус Акара иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
"Ҭырқәтәыла Монтре иконвенциа иқәныҟәаны аибашьыга ӷбақәа Амшын еиқәахь иҭанажьлом", - иҳәеит Акар ателеканал A Haber аефир аҿы.
Уаанӡа Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мевлиут Чавушоглу иҳәахьан атәыла Монтре иконвенциа иацәхьаҵуам ҳәа.
Аконвенциа инақәыршәаны ахәаахәҭратә ӷбақәа рхы иақәиҭны Амшын еиқәа аӡқәа ирҭалар рылшоит аҭынчаамҭаз аиԥш аибашьра аамҭазгьы. Амшын еиқәа иатәым аҳәынҭқаррақәа рыӷбақәа ракәзар, адокумент дара арҭ амшынӡқәа рҿы рыҟазаара хымчыбжьа еиҳамхароуп.
Уи адагьы Ҭырқәтәыла аҭагылазаашьа ҷыда аныҟало, Ҭырқәтәыла азин амоуп арҭ аӡыбжьахалақәа рыла аибашьыга ӷбақәа арахь рҭалара азин аҟаҵара ма аҟамҵара.
Уаанӡа Урыстәыла АШәМ адырра ҟанаҵахьан Украинатәи аруаа аоперациа ҷыда иалагазар 420 мина шьақәдыргылеит Одесса, Очаков, Черноморск, Иужныи абаӷәазақәа рнеирҭахь ҳәа, урҭ аминақәа Босфор иҭысны анаҩсҟа Адгьылбжьахатә мшын ахь аӡы иаццар ҟалоит.
Мшаԥы алагамҭаз Ҭырқәтәыла атәылахьчара аминистрра аҳәамаҭ ҟанаҵеит аминақәа ирызку аинформациа аганахьала иахәҭоу ауснагӡатәқәа шымҩаԥнаго.