https://sputnik-abkhazia.info/20220331/eaa-ukrainati-akhysa-irkhyrany-rybaa-amshyn-eia-aynti-iyrgeit-1038411818.html
ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит
ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит
Sputnik Аҧсны
2021 шықәса анҵәамҭазы НАТО Урыстәыла аҳәаақәа акыр рҽырзааигәартәит. Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы алианс аԥшыхәратә ҳаирпланқәа рыԥырра аҽаррацәеит. 31.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-31T11:49+0300
2022-03-31T11:49+0300
2022-03-31T11:49+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
украина
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/03/1036180689_0:100:1921:1180_1920x0_80_0_0_1b844946fd7c569b1591b7d7c8780793.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит, макьаназ ианыхынҳәуа ҳәа ҿҳәаракгьы рымҳәацт ҳәа иҳәеит Пентагон аофициалтә хаҭарнак Џьон Кирби, ҳәа аҩуеит РИА Новости.Кирби иҳәеит америкатәи акомандаҟаҵаҩцәа урыстәылатәи аоперациа ҷыда ишалагоз анеилыркаа аимак ишалахәым зегьы ирбарц азы асеиԥш ахәҭаны иршьеит ҳәа.Кирби иҳәеит аӷбақәа аныхынҳәуа азы макьаназ акгьы шизымҳәо. Ари аҩыза аӡбра рыдыркылоит ЕАА амилаҭтә шәарҭадара иаҿырԥшны.Украина арратә операциа ҷыда иалаган жәабран 24 рзы Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы. Хәажәкыра 25 азтәи аҭагылазаашьала урыстәылатәи аган аоперациа актәи ахәҭа аусдҵақәа нанагӡеит – Украина аибашьратә лшара акыр иладырҟәит. Урыстәылатәи ар рыдгыларала ДЖәРи ЛЖәРи ажәылара мҩаԥыргоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211110/aekspert-eaa-amshyn-eiay-akhymagasha-amch-aarshroup-iaanago-a-akhiaait-1036261644.html
украина
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0b/03/1036180689_106:0:1813:1280_1920x0_80_0_0_2f15d9a017b57bea031ae369a1aabf87.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, украина
ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит
2021 шықәса анҵәамҭазы НАТО Урыстәыла аҳәаақәа акыр рҽырзааигәартәит. Амшын еиқәа аҳауатә ҵакыраҿы алианс аԥшыхәратә ҳаирпланқәа рыԥырра аҽаррацәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 31 – Sputnik. ЕАА Украинатәи ахҭысқәа ирхырҟьаны рыӷбақәа Амшын еиқәа аҟынтәи иҭыргеит, макьаназ ианыхынҳәуа ҳәа ҿҳәаракгьы рымҳәацт ҳәа иҳәеит Пентагон аофициалтә хаҭарнак Џьон Кирби, ҳәа аҩуеит
РИА Новости.
Кирби иҳәеит америкатәи акомандаҟаҵаҩцәа урыстәылатәи аоперациа ҷыда ишалагоз анеилыркаа аимак ишалахәым зегьы ирбарц азы асеиԥш ахәҭаны иршьеит ҳәа.
"Ҳара аамҭа-аамҭала Амшын еиқәа аӡқәа ҳарҭалоит, ҳрҭыҵуеит. Иџьоушьаша акгьы ыҟма. Ҳаӷбақәа иааиԥмырҟьаӡакәа ара иҟаӡам", - ҳәа иҳәеит ЕАА Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак.
Кирби иҳәеит аӷбақәа аныхынҳәуа азы макьаназ акгьы шизымҳәо. Ари аҩыза аӡбра рыдыркылоит ЕАА амилаҭтә шәарҭадара иаҿырԥшны.
Украина арратә операциа ҷыда иалаган жәабран 24 рзы Донбасс ауааԥсыра рыхьчаразы. Хәажәкыра 25 азтәи аҭагылазаашьала урыстәылатәи аган аоперациа актәи ахәҭа аусдҵақәа нанагӡеит – Украина аибашьратә лшара акыр иладырҟәит. Урыстәылатәи ар рыдгыларала ДЖәРи ЛЖәРи ажәылара мҩаԥыргоит.