"Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аусура ахырхарҭа рацәа амоуп. Арахь иаҵанакуеит азакәанԥҵара, егьырҭ аҳәынҭқарратә мчрақәеи аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәеи рнырра, атәыла аҩнуҵҟаполитикатә еицәажәара. Сара, Аԥсны ахада иаҳасаб ала еснагь аус шәыцура сазыхиоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
"Ҳара ҳҭоурыхтә, ҳгеографиатә уҳәа афакторқәа убасеиԥш иҟоуп ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа мацара ҳбызшәа, ҳкультура, ҳхаҭара ахьчара алшо. Ҳҳәынҭқарра ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам илахьынҵа зеиԥшроу жәдыруеит. Аҳәынҭқарра арӷәӷәара ари раԥхьа иргыланы иара аинститут хадақәа - арбџьармчқәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбарҭатә система русура хаҳара аманы рыҟаҵароуп. Ари алшоит ажәлар рхаҭарнакцәа рыдгылареи рхылаԥшреи рыла". - ҳәа иҳәеит ахада.
"Ажәа аҟынтәи аус ахь ииастәны исшьоит. Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, ишәыдызгалоит арҭ аматериалқәа ҭҵааны, ишәаны-изаны 2023 шықәса иахымгакәа иахәҭаны иҟоу аиҭеиҿкаарақәа мҩаԥыжәгарц", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.