Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Бжьаниа Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатцәа русураз ҭабуп ҳәа реиҳәеит

© Foto / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.04.2022
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 12 азы Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара адепутатцәа аԥхьатәи реилатәара.
АҞӘА, мшаԥы 12– Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Апарламент афбатәи ааԥхьара адепутатцәа русураз ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аусура ахырхарҭа рацәа амоуп. Арахь иаҵанакуеит азакәанԥҵара, егьырҭ аҳәынҭқарратә мчрақәеи аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәеи рнырра, атәыла аҩнуҵҟаполитикатә еицәажәара. Сара, Аԥсны ахада иаҳасаб ала еснагь аус шәыцура сазыхиоуп", - ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ааигәа Аԥсны имҩаԥысыз Апарламент ахь алхрақәа аартны, еилыкка имҩаԥган, атәылауаа активла рхы аадырԥшит ҳәа.
"Апарламент ҿыц иалахәхеит аҵара змоу аҿар, аԥышәа змоу ауаа. Дара зегьы Аԥсадгьыл ахь абзиабара еиднакылоит", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аслан Бжьаниа иҳәеит Аԥсны адунеи ахәҭак аҳасаб ала азхьаԥшра анаҭалар шакәу "иаҳҩызам, иҳаӷоу аҳәынҭқаррақәа рҟынтә ашәарҭарақәа, аекстремизм аазырԥшуа аҟазшьақәа" ҳәа.
Иаликааит аԥсуа ҳәынҭқарра аҿаԥхьа иахьазы иқәгылоу аусқәа, азҵаарақәа. Урҭ рыӡбра Аԥсны атәылауаа уаҵәтәи рԥеиԥш иаҵаҵӷәуп.
Бжьаниа раԥхьа иргыланы аҳәынҭқарра арӷәӷәара шхымԥадатәиу иҳәеит.

"Ҳара ҳҭоурыхтә, ҳгеографиатә уҳәа афакторқәа убасеиԥш иҟоуп ҳҳәынҭқарра аҩнуҵҟа мацара ҳбызшәа, ҳкультура, ҳхаҭара ахьчара алшо. Ҳҳәынҭқарра ҳара ҳаҩноуп. Аҩны змам илахьынҵа зеиԥшроу жәдыруеит. Аҳәынҭқарра арӷәӷәара ари раԥхьа иргыланы иара аинститут хадақәа - арбџьармчқәа, азинхьчаратә усбарҭақәа, аӡбарҭатә система русура хаҳара аманы рыҟаҵароуп. Ари алшоит ажәлар рхаҭарнакцәа рыдгылареи рхылаԥшреи рыла". - ҳәа иҳәеит ахада.

Иара адепутатцәа рахь аҳәара ҟаиҵеит аамҭа мгакәа Апарламент ахь инашьҭыу, 50 инарзынаԥшуа анорматив-зинтә актқәеи еиҿкаарылатәи ацәгьоура аҿагыларазы азакәани рыпроектқәа азин рыдыруыларц.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, атәылаҿ аполитикатә ҭагылазаашьа ҭышәынтәалара аҟазаараз аҵакы аманы ишыҟоу аконституциатә реформа, амчра анагӡаратәии азакәанԥҵаратәии ахәҭақәа рыбжьара азинмчра аихшара азԥхьагәазҭо.

"Ажәа аҟынтәи аус ахь ииастәны исшьоит. Ҳаҭыр зқәу адепутатцәа, ишәыдызгалоит арҭ аматериалқәа ҭҵааны, ишәаны-изаны 2023 шықәса иахымгакәа иахәҭаны иҟоу аиҭеиҿкаарақәа мҩаԥыжәгарц", - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Хазы азхьаԥшра аиҭеит Урыстәылеи Аԥсни реиҩызаратә, рыстратегиатә партниорра азҵаара.
"Ари еиҳа зҵазкуа хырхарҭоуп ҳусураҿы. Ауадаҩрақәа шыҟоугьы ииашоу азнеишьаҿы атәылауааи аҳәынҭқарреи рзы алшара ҿыцқәа аатуеит", - ҳәа иҳәеит ахада.
Иара иргәалаиршәеит 2014 шықәса абҵара 24 азы анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ихырхарҭа хаданы ишыҟоу:
Адәныҟатә политика еишьашәалара амҩаԥгара,
Атәылахьчареи ашәарҭадареи рзеиԥшҵакыра аԥҵара,
Асоциалтәии аекономикатәии зеиԥшҵакыра аԥҵара,
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхраара,
Аԥсны аинтеграциатә процессқәа инарҭбааны рылахәраз алшарақәа раԥҵара.
Атәыла ахада иара убасгьы иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аусуразы аекономика иамоу аԥыжәара.
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Лавров: Урыстәылеи Аԥсни рполитикатә диалог агәахәара ҳнаҭоит
"Апандемиа ҳуснагӡатәқәа акыр еиҭанакит. Аԥсыҭбарақәа рыдагьы ҳзалымҵит. Ари арыцҳара аҿагылараз аҳәынҭқарра миллиардк рҟынӡа ахарџь ҟанаҵеит, ԥхьаҟагьы ацхыраара ҟанаҵалоит. Ас инарҭбааны афинанстә цхыраара иҟаҵаз ауп аибашьра ашьҭахь раԥхьаӡа акәны 2021 шықәсазы апрофициттә ҳәынҭбиуџьет аиура алзыршаз", - ҳәа еиҭеиҳәоит Бжьаниа.
Аԥсны анапхгара аҵакыратәии аусхктәии аҿиараз ирыдыркылаз ашьаҿақәа аимпульс ҿыц рырҭароуп:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы аинвестициатә программа анагӡара,
Урыстәылатәи абанкқәа рҿы аԥыжәаратә кредит аиура апрограмма аусура,
Аинвесициақәа радҧхьаларазы аҭагылазаашьақәа раҧҵара, ашәахтәи аҳазалхратәи система аиӷьтәрагьы убрахь иналаҵаны, аҳәынҭқарра аконтроль-хылаԥшратә функциақәа аиҭарыхәаҧшра, анаплакҩцәа адгылара рыҭара амеханизмқәа ралагалара, аинвесторцәеи урҭ ркапитали ршәарҭадара алыршара,
Аҧсны адгьылҵакыраҟны збиуџьет ареспублика араионқәа рбиуџьет иадукылартә аҟынӡа иҟоу аинвестициатә проект дуқәа рынагӡара,
Инеишьҭаргыланы асистематә ҟазшьа змоу афымцамч, амҩақәа, ӡыла аиқәыршәара, аканализациа азҵаарақәа ирыдҳәалоу аинфраструктуратә проблемақәа рыӡбара,
Аҧсны газла аиқәыршәара апроект азырхиара,
Аҟәатәи аҳаиртә баҕәаза аиҭашьақәыргылара,
Урыстәыла аганахь ала аиҿцәажәарақәа мҩаҧысуеит Ԥсоу ААП аусуршьа аҧсахразы.
Аслан Бжьаниа иқәгылара хыркәшо ҿыц иалху адепутатцәа аԥсадгьыл амаҵ аураҟны ирзеиӷьасшьеит ақәҿиара. Агәыӷра ааирԥшит апарламент аилазаара ҿыц апрофессионализм, азакәанқәныҟәара, “Аԥсуара” аҵас бзиақәа инарықәыршәаны алеишәатә культура ҳаракы рзы иҿырҧшыганы иҟалап ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0