Аԥсны

Гагра лаҵарамзазы аԥсшьацәа зҭаауа Ҭырқәтәыла еиндаҭло асиаҿ иҟоуп

Урыстәылатәи амаҵзура Tvil.ru иалнакааит 2022 шықәса лаҵарамзазы Ҭырқәтәыла ацынхәрас аԥсшьара ахьалырхуа ахырхарҭақәа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 12 – Sputnik. Гагра лаҵарамзазы аԥсшьацәа зҭаауа Ҭырқәтәыла еиндаҭло асиаҿ иҟоуп ҳәа аҩуеит апортал Tvil.ru.
Асиахь Гагра адагьы иаҵанакуеит Кавказтәи аминералтә ӡқәа, Шәача, Калининградтәи аобласт, Белоруссиа, Ҭаҭарсҭан, Башкириа, Ҟрым ркурортқәа.
Аԥсны
Гагра еиҳа асасааирҭақәа ахьҿарҵо хәқалақьк ирхыԥхьаӡалахеит
Бжьаратәла хҩык рыла ишьақәгылоу аҭаацәа ԥшьымштәи рыԥсшьараз 15 000 мааҭ ршәароуп.
Аԥсни Башкириеи рҟны лаҵарамзазы уахыки-ҽнаки 2000 мааҭ еиҵаны иршәар рылшоит, аӡиа Баикал аҿы – 5 000 мааҭ.
Лаҵарамзатәи аныҳәатә хырхарҭақәа:

Ақалақь

Уахыктәи абжьаратә хәыԥса

Бжьаратәла аԥсшьараамҭа

Шәача

2 606 нызқь мааҭ

ааха-аамш

Иалта

3 622 нызқь мааҭ

бжьаха-бжьымш

Кисловодск

2 502 нызқь мааҭ

фаха-фымш

Калининград

2 554 нызқь мааҭ

хәаха-хәымш

Казан

3 600 нызқь мааҭ

ԥшьаха-ԥшьымш

Уфа

2 132 нызқь мааҭ

ҩаха-ҩымш

Листвианка

5 450 нызқь мааҭ

хәаха-хәымш

Минск

3 600 нызқь мааҭ

хаха-хымш

Гагра

1 915 нызқь мааҭ

ааха-аамш

Tvil.ru, адыррақәа рыла атуристцәа лаҵарамзазы 3-10 уахы-ҽны рыԥсы ршьоит, 2- 5,5 нызқьмааҭ ршәоит уахыки-ҽнаки рзы.