Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра еиҳа асасааирҭақәа ахьҿарҵо хәқалақьк ирхыԥхьаӡалахеит

© Sputnik / Акоп Кущян Колесо обозрения в Гагре
Колесо обозрения в Гагре  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Tvil аналитикцәа иазгәарҭеит асасааирҭақәа рсаитқәа рыҽрыдызҳәало рхыԥхьаӡара ишацлаз аҳәаанырцәтәи амаҵзура Booking.com урыстәылатәи аџьармыкьаҟынтә ианықәҵ ашьҭахь.
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Гагра урыстәылаа заанаҵы иаҿарҵо асасааирҭақәа хәба рыбжьара иҟоуп ҳәа аанацҳауеит амаҵзура Tvil.ru.

Гагра адагьы иалкаау хәҭыпк рыбжьара иҟоуп Шәача, Иалта, Санкт-Петербург, Москва.

Иара убасгьы рҭахрақәа аарԥшуп ақалақьқәа: Казан, Пиатигорск, Ростов, Владивосток, Нижни Новгород.
Tvil.ru аҟны асасааирҭақәа аҿарҵоит аҭаацәарақәа ахәыҷқәа змоу ма ҩыџьаны зыԥсы зшьо.
Набережная Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Аԥсны
Гагра лаҵарамзатәи аныҳәақәа раан иалыркаауа аԥсшьарҭа ҭыԥқәа 10 ирыҵанакуеит
Асаит адыррала аԥсшьараамҭа 2-8 уахы-ҽны инаӡоит, аӡәы изы анхара ахәшәара 2,2 - 4,2 нызқьмааҭ итәоит уахык азы. Бжьаратәла 15,4 нызқьмааҭ ршәоит аԥсшьаҩцәа.
Реиҳа ахәқәа дууп Нижни Новгород, илаҟәуп - Пиатигорск.
Tvil.ru аҿы еиҳа ирҭахны иалырхуа ақалақьқәа:

Ақалақь

Уахыктәи анхараз абжьаратә хәԥса

Аԥсшьараз абжьаратә аамҭа

Шәача

2791 нызқь мааҭ

аа-хахак

Иалта

4235 нызқь мааҭ

бжь-хахак

Санкт-Петербург

3095 нызқь мааҭ

ԥшь-хаха ԥшьымш

Москва

2662 нызқь мааҭ

хаха-хымш

Гагра

2607 нызқь мааҭ

аа-хахак

Казан

2900 нызқь мааҭ

хаха-хымш

Пиатигорск

2090 нызқь мааҭ

ԥшь-хаха ԥшьымш

Ростов -на-Дону

2180 нызқь мааҭ

ҩаха-ҩымш

Владивосток

2288 нызқь мааҭ

хә-хахак

Нижни Новгород

3264 нызқь мааҭ

ҩаха-ҩымш

Адыррақәа 2022 шықәса мшаԥы-нанҳәа рызтәи заанаҵтәи аҿаҵарақәа шьаҭас ирымоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0