АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Аԥсны COVID-19 аиқәтәара иахьмырԥшкәа атәылауаа рлаҵаҟаҵаратә уснагӡатәқәа нагӡалатәуп, абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра Аԥсны асанитар ҳақьым хада Лиудмила Скорик лажәақәа шьаҭас иганы.
"COVID-19 џьаргьы имцеит, аҽгәаҭара иаҟәыҵыр ҟалаӡом. Алаҵаҟаҵара иацҵатәуп", - лҳәеит Скорик.
Уи аԥхьа асанитар ҳақьым хада илҳәахьан, раԥхьа иргыланы иуашәшәыроу агәыԥ иаҵанакуа ауаа алаҵаҟаҵара иахысроуп ҳәа, уи аан иазгәалҭеит аепидҭагылазаашьа аҽеиҭанакыр шалшогьы.
Аԥсны апандемиа ҵысижьҭеи алаҵа ҟарҵахьеит 19 055-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә - 10 625-ҩык алаҵа ҟарҵеит ҩ-лаҵак рыла ишьақәгылоу "Спутник V". 8 430-ҩык "Спутник Лайт" еиҳа еиӷьаршьеит.
Алаҵа еиҳараҩык иҟарҵеит аҳҭнықалақь ауааԥсыра - быжь-нызқьҩык ыҟоуп.
Аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны аҿкчымазара аиқәтәара азгәаҭоуп. Уи ҳасаб азуны Аоперативтә штаб араионтә хәшәтәырҭақәеи Аҟәеи рҟны аковид ҟәшақәа аркызарц аӡбамҭа аднакылеит. Аҿкы зыдбалоу ачымазцәа аднакылалоит Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь.