Аԥсны

Аԥсны араионтә хәшәтәырҭақәа рҟны аковид ҟәшақәа аркхоит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 73-ҩык, урҭ рахьтә хҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аԥсны араионтә хәшәтәырҭақәа рҟны аковид ҟәшақәа хара имгакәа иаркхоит, Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аус шауц иаулоит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра.
"Хара имгакәа Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи араионтә хәшәтәырҭақәа рҟны иаартыз аковид ҟәшақәа аркхоит, иара убас Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿгьы", - аҳәоит адырраҭаҟны.
Аԥсны аҿкчымазара аиқәтәара азгәаҭаны, аковид ҟәшақәа раркразы аӡбамҭа рыдыркылеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб, мшаԥы 13 рзы.
Гәдоуҭатәи аковид-госпиталь аусура иацнаҵоит. COVID-19 ззышьақәырӷәӷәоу ачымазцәа рыхәшәтәра уаҟа имҩаԥыслоит. Иахьатәи аамҭазы ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп жәаҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп ԥшьҩык, ибжьаратәуп фҩык.
Аԥсны
Матуаԥҳа Аԥсны COVID-19 аҟынтә ишьақәгылаз аколлективтә иммунитет ахәшьара алҭеит