АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Афранцыз рхеологцәа ирҳәеит Парижтәи Анцәа иан лныхаабаа абылра ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усураан ирԥшааз ауаҩԥсы еиҿартәашьа еиԥшу аҭсалых-ҭоубыҭ аарҭра ргәы ишҭоу, абри атәы аанацҳауеит Газета.ru аҭыжьымҭа The Guardian шьаҭас иганы.
Аҭсалых-ҭоубыҭ иҭоу Тулузтәи аӡбарҭа иатәу амедицинаҭә ҭҵаара иахысроуп ианаадыртлак, иҭоу абаҩқәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, дыԥхәысзу дхаҵазу, дызԥсыз абарҭқәа зегь реилкааразы. Иара убас еилыркаароуп аԥсыжырҭа ақәра иамоу.
XIV-тәи ашәышықәса иаҵанакуеит ҳәа агәаанагара ззыҟоу аҭсалых -ҭоубыҭ ԥшаан 2019 шықәсазы амца зкыз Парижтәи Анцәа иан лныхабаа аиҭашьақәыргыларатә усураан. Аҵарауаа ргәаанагарала 1300-тәи ашықәсқәа ирыҵаркуеит. Амаҵура змаз уаҩык изкызар ҟалоит. Ари аԥшаах иалнаршоит абжьарашәышықәсатәи ажрақәа еиҳа инарҭбааны реилкаара.
Аҭсалых-ҭоубыҭ иақәыз анышәи ахаҳәқәеи рҟынтә ахьанҭара иаиуоз иахҟьаны еицакит, аекспертцәа рҽазыршәеит акамера хәыҷқәа рыла аҩнуҵҟа аҭаԥшра, аха иҭаз еилкааны ирбартә иҟамлеит.
Аҭҵаарақәа рлыҵшәақәа рышьҭахь археологцәа аҭсалых-ҭоубыҭ аныхабаа аҩнуҵҟа анышә амадара азгәарҭоит. Франциатәи аиҳабыра ргәы иҭоуп 2024 шықәсазы ҩаԥхьа аныхабаа аҭааҩцәа аднакыларатә еиԥш ашәқәа аартра.
2021 шықәса нанҳәамза анҵәамҭазы Урыстәылеи Аԥсни рҟынтәи аҭҵааҩцәа Гиуенос аҭыԥ аҿы адаздам аԥшаах рымԥыхьашәеит – атсалых ҭоубыҭ ҳара ҳераан V-VI ашәышықәсақәа раамҭа иаҵанакуа. Аҩнуҵҟа ахаҵа иԥсыбаҩ ҭан.