Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Афедерациа ахеилак аҿы ирҳәеит хара имгакәа Украина арратә операциа шхыркәшахо

Урыстәылатәи арбџьармчқәа жәабран 24 раахыс Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 – Sputnik. Урыстәыла хықәкны иамам арратә операциа аҿҳәара архара, уи хара имгакәа ихыркәшахоит ҳәа иҳәеит "Иаку Урыстәыла" жәларбжьаратәи аусеицуразы акомиссиа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Андреи Климов Африкеи Азиеи ртәылақәа рҟынтәи АИХқәа рзы имҩаԥгаз абрифинг аҿы. Абир атәы аанацҳауиет РИА Новости.
"Урыстәылатәи Афедерациа хықәкны иамам арратә операциа аҿҳәара архара, уи хара имгакәа ихыркәшахоит" - иҳәеит асенатор.
Иара иҳәеит аоперациа шаанкылахо Украина иара ахази адунеи азы ишәарҭаданы ишыҟалалак, аиадертә ргыларақәа ршәарҭадареи абиолабораториақәа ирыдҳәалоу ашәарҭадаарқәеи шааиҿкаахалак.
Климов убри аан иазгәеиҭеит Мраҭашәара атәылақәа Украина абџьар шазаарышьҭуа уи ала амца шдырцыхцыхуа.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра украинатәи абиолабораториақәа мҩақәызҵоз рыхьӡқәа рҳәеит