Урыстәыла атәылахьчара аминистрра украинатәи абиолабораториақәа мҩақәызҵоз рыхьӡқәа рҳәеит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота российской полевой биолаборатории в Италии
Работа российской полевой биолаборатории в Италии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.04.2022
Анапаҵаҩра
Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, 2014 шықәса инаркны Украинатәи аҭҵаара-технологиатә центр Украинеи, Қырҭтәылеи, Азеирбаџьани, Молдавиеи рҵакыраҟны хәышә проект наныгӡеит.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Украинатәи аҭҵаара-технологиатә центр аҟны абиобџьар аԥызҵоз америкатәи европатәи аусзуҩцәа рыхьӡқәа еилыркааит, уи азы ахарџь ахахьы иагон Еиду Америкатәи Аштатқәа, абри атәы иҳәеит Урыстәылатәи Арбџьармчқәа иатәу арадиациатәи, ахимиатәи, абиологиатәи хьчара рыр аиҳабы Игорь Кириллов.
Ацентр аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны уи аусура хықәкыс иамоуп хыԥхьаӡара рацәала ауаа рнырҵәара иазку абџьар азы адыррақәеи аԥышәеи реимдара.
Аха, Атәылахьчара аминистрра иҟанаҵаз адыррала, ацентр абиологиатә бџьар, иаҳҳәап амырза, атулиаремиа, иара убас атәыла аекономика ааха азҭо аҿкқәа - аҵарақәа реимҳәа, африкатәи аҳәамырза уҳәа рзы апотенциалтә агентцәа рзы агрантқәа реихшара акәын изҿыз.
Кириллов ишиҳәаз ала, ацентр анагӡаратә директорс дыҟоуп Америка атәылауаҩ Кертис Белаиач, иара Украина аус иуеит 1994 шықәса инаркны, Европа ахеилак ахьӡала иара ахантәаҩыс дыҟоуп Едди Артур Маиер, уи аусура ҳәаақәиҵоит Фил Доллифф, ЕАА Аҳәынҭдепартамент аҿы аус зуа.
Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа Украина иахьаҵанакуа 30 биолабораториа аадырԥшит
Иара убас аурыс аруаа рнапахьы иаанагеит Пентагон анардадаҩ хада "Black & Veatch" захьӡу аилахәыра ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Метиу Веббер Украинатәи аҭҵаара-технологиатә центр арра-биологиатә ҭҵаарақәа русхк аҿы аус рыцура дшазыхиоу зҳәо ашәҟәқәа.
Украинатәи аҭҵаара-технологиатә центр аҿаҵаҩцәаси ԥарала реиқәыршәаҩцәаси иҟан ЕАА Аҳәынҭдепартаменти Пентагони, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ацентр апрограммақәа ирықәхарџьын 350 миллион доллар инареиҳаны.
Сотрудник научного центра Функциональные микро/наносистемы - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрраҟны ирҳәеит Украинатәи абиолабораториақәа Баиден иҷкәын ишидҳәалоу
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵоит америкатәи абиолабораториақәа 30 усбарҭа ана-ара иргыланы ишрымоу, урҭ русурақәа Урыстәыла адагьы, Мрагыларатәи Европа абиологиатә ҭагылазаашьа бжьырхыр рылшоит.
Урыстәыла изныкымкәа иаԥшьнагахьан Абиологиатә бџьар азы Аконвенциа иахьынӡақәныҟәо амеханизм шьақәдыргыларц, аха урҭ есымшааира Мраҭашәара атәылақәа, Еиду Америкатәи аштатқәа раԥхьа инаргыланы, уи аԥдырҟәҟәаауан.
Ажәабжьқәа зегьы
0