Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Песков: Урыстәыла иалшоит Мраҭашәареи иареи реиҿагылара аиааира

Украина арратә операциа ҷыда иахьалагаз азы Мраҭашәаратәи атәылақәа аԥкрақәа аланагалеит урыстәылатәи аекономика аҿиара алмыршаразы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков аканал "Россия 1" аефир аҿы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ишалшо Мраҭашәареи иареи реиҿагылара аиааира ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Апрограмма "Москва. Кремль. Путин" аҿы аинтервиу аан Павел Зарубин асас диазҵааит Урыстәыла иалшарыма мраҭашәаратәи атәылақәа иадҟарҵалаз ауадаҩрақәа риааира, уаанӡа уи Асовет Еидгыла риааира алымшазар.
"Ҳара иҳалшоит", - иҳәеит аҭакс Песков.
Еиду Америкатәи аштатқәеи Европа атәылақәеи еилаланы Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда иақәыӡбеит, уи азы асанкциақәа азаларгалеит. Урыстәыла аиҳабыра ишырҳәаз ала, аҳәынҭқарра аекономикатә еибашьра ду азыҟарҵеит, уи аҳәынҭқарратә ҩаӡараҟны адагьы, хаҭалатәи аилахәырақәагьы ирзыруит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков иҳәеит Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом ҳәа
Убас, мраҭашәаратәи аилахәырақәа шьоукы хәҭакахьала, шьоукы зынӡаск Урыстәыла русура ааныркылеит, урыстәылатәи аџьырмыкьа зынӡа ҳалҵуеит ҳәагьы аҳәамҭақәа ҟарҵеит. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иажәақәа рыла, мраҭашәаратәи атәылақәа реиҳабырақәа иҟарҵаз ақәыӷәӷәара амшалоуп аилахәырақәа ус зыҟарҵо.
Урыстәылагьы уи аҭакс афатәаалыҵи аенергомҩангагақәеи рекспорт азы аԥкрақәа аланагалеит, уи амшала адунеи зегь аҟны абылтәи афатәқәеи рыхә шьҭыҵит.
Лавров Урыстәыла мҽхакыҭбаала агибридтә еибашьра азцәырыргеит иҳәеит