https://sputnik-abkhazia.info/20220404/peskov-ieit-urystyla-amatsaz-aakra-zalshom-a-1038470151.html
Песков иҳәеит Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом ҳәа
Песков иҳәеит Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом ҳәа
Sputnik Аҧсны
Мраҭашәара асанкциатә политика адунеитә резервтә валиута ашьақәҟьара арпоцесс арласит. Еиҳа-еиҳа еиҳахоит атәылақәа адоллари аеврои рҭахра агәыҩбара... 04.04.2022, Sputnik Аҧсны
2022-04-04T09:00+0300
2022-04-04T09:00+0300
2022-04-04T09:56+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
джәр
лжәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/18/1037753887_0:62:3082:1796_1920x0_80_0_0_02c627e8c265280d13c869a2b1e5ab02.jpg
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом, раԥхьа иргыланы технологиала изалшом иахьазы ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәаПесков иажәақәа рыла, Европа, иахьакә уаҵәакә, аокеан нырцә, ирҭахы ирҭахым, Урыстәыла ианыруа иалагароуп.Уажәы зегьы америкаа рықәыӷәӷәара иаҵаханы иҟоуп, рхатә гәаанагара аҳәараҵәҟьа иацәшәоит иҳәеит Песков."Ҳәарада, америкаа аиҭасанкциақәа рыла иҳақәмақаруеит. Европа атәылақәа урҭ руӷә иаҵахеит, рхатә гәаанагара аҳәараҵәҟьа иацәшәоит", - иҳәеит Песков.Ҿырԥштәны Песков Ҭырқәтәыла ааигеит."Абри аганахьала, егьырҭ Ҭырқәтәыла изеиԥшымхеит. Ҭырқәтәылеи ҳареи иҳамоу аилибамкаарақәа ирыхьмырԥшыкәа ахатәы интересқәа ахьчоит. Иахәҭаны иахьыҟоу "ааи" аҳәоит, иахьахәҭам – "мап" аҳәашьагь иақәшәоит. Иахьатәи аполитикатә Олимп аҿы абри аганахьала Таип Ердоган иеиԥш зеиԥшу дмаҷуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.Агаз ахәԥса мааҭла ашәараДмитри Песков иҳәеит агаз рымзыхәҳауа аконтрагентцәа рҟәышра дшақәгәыӷуа."Асанкциақәа иара европаа роуп зҟәаҟәа иқәлаз. Еснагь аиԥш арахь иргәыҵасуагьы Вашингтон ауп. Аиашаз, игаӡаразар ҟалап аӡәы иинтересқәа рзы ухатәқәа рыԥсыԥцарҭа анаанукыло. Ус егьа иҟазаргьы, еиӷьхарак ҟалап ҳәа ҳаԥшуп. Ҳаԥшуп агаз ҳамзыхәҳауа аконтрагентцәа рҟәышра аԥыжәара аиуп ҳәа", - иҳәеит Песков.Иара иҳәеит агаз ахәԥса мааҭла ашәаразы аӡбара зрыдыркылаз аӡә дахьдырхәырц шакәым, урыстәылатәи аекономика ахьчараз шакәу."Урыстәыла аӡәгьы иқәмақаруам, иқәыӷәӷәом. Уаанӡагьы, уажәгьы. Аха ҳанырцәымӷу аамҭазы ҳхы ҳахьчароуп", - иҳәеит Песков.Убри аан иазгәеиҭеит агаз аазхәо Урыстәыла апартниорцәа рыԥсҭазаара аицәатәра шырҭахым.Мраҭашәаратәи атәылақәа агаз мааҭла ахә ашәара мап ацәыркыр, Владимир Путин инапы зҵеиҩыз адҵа иаҿагылоит акәхоит."Асистема мшаԥы 1 инаркны аусура иалагеит. Амзаалагамҭаз инаҳашьҭуа агаз амза анҵәамҭаз ахә шәатәхоит. Аамҭа ыҟоуп. Иҟало аабап", - иҳәеит Песков.Иара иҳәеит мааҭла ахәшәара егьырҭ атауарқәагьы шаҵанакло.Дмитри Песков иажәақәа рыла, мышкызны европатәи атәылақәа Бреттон-Вудтәи аԥарашәаратә система иацәхьаҵроуп.Украинеи Урыстәылеи рҭагылазаашьаДмитри Песков иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит Москвеи Киеви реиҿцәажәара иалҵшәахар алшоит ҳәа адокумент анапаҵаҩра, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара амҩахьгьы раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа."Сгәыӷуеит иҟоу аҽазышәарақәа ирылҵшәахар алшоит ҳәа аганқәа рыбжьаратәи адокумент анапаҵаҩра, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара амҩахьгьы раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа", - иҳәеит иара.Уи адагьы Песков иҳәеит Владимир Путин ахаангьы Владимир Зеленски иԥылара мап шацәимкуаз. Уи иахьагьы иалшоит, аха уи азы иазырхиатәуп адокумент.Песков иажәақәа рыла, Украина арратә операциа ахықәкқәа нагӡоуп."Иарбанызаалак аҭагылазаашьа алҵра ауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп аоперациа ахықәкқәа шынагӡо", - ҳәа азгәеиҭеит Песков.
https://sputnik-abkhazia.info/20220325/peskov-eaa-urystyla-aakhkaarazy-imanago-apolitika-lshadoup-a-akhiaait-1038301659.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220401/aekonomikat-suverenitet-ratup-urystyla-gazla-akhaakhra-aarraa-shanargyleit-1038425799.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220403/medinski-urystylei-ukrainei-reishaara-atekst-aus-adulara-mshay-4-rzy-eialagoit-ieit-1038463500.html
джәр
лжәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/18/1037753887_351:0:3082:2048_1920x0_80_0_0_a576ac63076b866804ab4d0b7b44b7c7.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, джәр, лжәр
Песков иҳәеит Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом ҳәа
09:00 04.04.2022 (ирҿыцуп: 09:56 04.04.2022) Мраҭашәара асанкциатә политика адунеитә резервтә валиута ашьақәҟьара арпоцесс арласит. Еиҳа-еиҳа еиҳахоит атәылақәа адоллари аеврои рҭахра агәыҩбара зызцәырнаго.
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом, раԥхьа иргыланы технологиала изалшом иахьазы ҳәа иҳәеит Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков.
"Адунеи Европа аасҭа еиҳауп. Ус анакәха, Урыстәыла амацәаз аҭакра залшом, раԥхьа иргыланы, технологиала изалшом иахьазы. Иара Урыстәыла ахаҭагьы Европа аасҭа еиҳауп", - ҳәа иҳәеит иара Павел Зарубин ипрограмма
"Москва. Кремль. Путин" аҿы аканал "Россия-1" аинтервиу аҭо.
Урыстәыла иаҿагылоу асанкциақәа
Песков иажәақәа рыла, Европа, иахьакә уаҵәакә, аокеан нырцә, ирҭахы ирҭахым, Урыстәыла ианыруа иалагароуп.
Уажәы зегьы америкаа рықәыӷәӷәара иаҵаханы иҟоуп, рхатә гәаанагара аҳәараҵәҟьа иацәшәоит иҳәеит Песков.
"Ҳәарада, америкаа аиҭасанкциақәа рыла иҳақәмақаруеит. Европа атәылақәа урҭ руӷә иаҵахеит, рхатә гәаанагара аҳәараҵәҟьа иацәшәоит", - иҳәеит Песков.
Ҿырԥштәны Песков Ҭырқәтәыла ааигеит.
"Абри аганахьала, егьырҭ Ҭырқәтәыла изеиԥшымхеит. Ҭырқәтәылеи ҳареи иҳамоу аилибамкаарақәа ирыхьмырԥшыкәа ахатәы интересқәа ахьчоит. Иахәҭаны иахьыҟоу "ааи" аҳәоит, иахьахәҭам – "мап" аҳәашьагь иақәшәоит. Иахьатәи аполитикатә Олимп аҿы абри аганахьала Таип Ердоган иеиԥш зеиԥшу дмаҷуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Агаз ахәԥса мааҭла ашәара
Дмитри Песков иҳәеит агаз рымзыхәҳауа аконтрагентцәа рҟәышра дшақәгәыӷуа.
"Асанкциақәа иара европаа роуп зҟәаҟәа иқәлаз. Еснагь аиԥш арахь иргәыҵасуагьы Вашингтон ауп. Аиашаз, игаӡаразар ҟалап аӡәы иинтересқәа рзы ухатәқәа рыԥсыԥцарҭа анаанукыло. Ус егьа иҟазаргьы, еиӷьхарак ҟалап ҳәа ҳаԥшуп. Ҳаԥшуп агаз ҳамзыхәҳауа аконтрагентцәа рҟәышра аԥыжәара аиуп ҳәа", - иҳәеит Песков.
Иара иҳәеит агаз ахәԥса мааҭла ашәаразы аӡбара зрыдыркылаз аӡә дахьдырхәырц шакәым, урыстәылатәи аекономика ахьчараз шакәу.
"Урыстәыла аӡәгьы иқәмақаруам, иқәыӷәӷәом. Уаанӡагьы, уажәгьы. Аха ҳанырцәымӷу аамҭазы ҳхы ҳахьчароуп", - иҳәеит Песков.
Убри аан иазгәеиҭеит агаз аазхәо Урыстәыла апартниорцәа рыԥсҭазаара аицәатәра шырҭахым.
Мраҭашәаратәи атәылақәа агаз мааҭла ахә ашәара мап ацәыркыр, Владимир Путин инапы зҵеиҩыз адҵа иаҿагылоит акәхоит.
"Асистема мшаԥы 1 инаркны аусура иалагеит. Амзаалагамҭаз инаҳашьҭуа агаз амза анҵәамҭаз ахә шәатәхоит. Аамҭа ыҟоуп. Иҟало аабап", - иҳәеит Песков.
Иара иҳәеит мааҭла ахәшәара егьырҭ атауарқәагьы шаҵанакло.
Дмитри Песков иажәақәа рыла, мышкызны европатәи атәылақәа Бреттон-Вудтәи аԥарашәаратә система иацәхьаҵроуп.
"Уи иахьакәымхааит, уаҵәакәымхааит, аха система ҿыцк ҳазнеиуеит. Иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны атәыла ахада ашәарҭарақәа раԥыхраз ауснагӡатә дазхәыцит. Ҳаиҭадмырҳәырц", - иҳәеит Песков.
Украинеи Урыстәылеи рҭагылазаашьа
Дмитри Песков иара убасгьы агәыӷра ааирԥшит Москвеи Киеви реиҿцәажәара иалҵшәахар алшоит ҳәа адокумент анапаҵаҩра, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара амҩахьгьы раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа.
"Сгәыӷуеит иҟоу аҽазышәарақәа ирылҵшәахар алшоит ҳәа аганқәа рыбжьаратәи адокумент анапаҵаҩра, аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара амҩахьгьы раԥхьатәи шьаҿахоит ҳәа", - иҳәеит иара.
Уи адагьы Песков иҳәеит Владимир Путин ахаангьы Владимир Зеленски иԥылара мап шацәимкуаз. Уи иахьагьы иалшоит, аха уи азы иазырхиатәуп адокумент.
Песков иажәақәа рыла, Украина арратә операциа ахықәкқәа нагӡоуп.
"Иарбанызаалак аҭагылазаашьа алҵра ауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп аоперациа ахықәкқәа шынагӡо", - ҳәа азгәеиҭеит Песков.