Аԥсны

ДЖәР ахада "Пятнашка" аибашьцәа "Агәымшәараз" амедалқәа ранеишьеит

Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуа аинтербригада "Пятнашка" иаланы Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иалахәуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин аинтербригада "Пятнашка" аибашьцәа Канамаҭ Мамрешеви, Владимир Харабуеи, Раули Харабуеи, Аслан Гуатижеви "Агәымшәараз" амедалқәа ранеишьеит, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит абригада акомандаҟаҵаҩ Ахрик Аҩӡба.
Глава ДНР вручил бойцам "Пятнашки" медали "За отвагу"
"Пятнашка" аибашьцәа аҳамҭақәа ранашьан Авдеевка амҵан аибашьраан аӷа итехника ахьҭадырхаз азы.

"Ф-сааҭк ицоз аибашьраҿ ахархәара рыман артиллериа, атанкқәа, аха дара иаадырԥшит атехника ахыԥхьаӡара шакәым агәышьҭыхра аазырԥшуа. Дара ирылшеит ргәымшәарала хәҩык аруаа рыҭҟәара, х-километрак иахьаҵанакуа ацәаҳәа аԥжәара. Арӷәӷәарҭа аанкылара", - иҳәеит Аҩӡба.

Аинтербригада "Пятнашка" иалахәуп Аԥсны, Нхыҵ Кавказ, егьырҭ Асовет еидгыла уаанӡатәи ареспубликақәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала аибашьцәа.