АҞӘА, мшаԥы 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҳаблаҿы агәамеизакырҭа аусура иалагоит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит анардадаҩ ИАЕ "РЕС" адиректор Константин Харебов.
"Ашықәс ҿыц аламҭалаз адгьылжратә усурақәа хыркәшан. Уажәы ахаҳәырҷҷа ықәҳаԥсоит, агидроизолиациатә ҿыгҳареи абетониттә матқәеи шьҭаҳҵоит (ацәаакыра злабо аматериалқәа). Урҭ аҭахуп агәамсамцрыҵ адгьылаҵатә ӡқәа ирыламларц, урҭ аӡқәа ара еизаку агәамсамгьы ҵнамыӡәӡәааларц", - иҳәеит иара.
Ажра аҵакыра 2,4 гектар иҟоуп. Ари аҵакыраҿы иргылахоит 12 еилыхратә цәаҳәа.
"Иаарго агәамсам ацәаҳәахьы инарышьҭуеит. Уантәи иара еилырхуеит аусеиҭадулара ашьҭахь, анаҩс ахьархьын иҵырхуеит, хазы ишьҭарҵоит. Аҭыжаарҭаҿ инрыжьуеит абзазаратәии аргыларатәии гәамсам. Уи абульдозерқәа рыла идырссоит, нас арапагала иахысуеит, ахыхь аиҟәыҭхагатә ҿыгҳара ықәрыԥсоит", - иҳәеит Харебов.
Анардадатә еиҿкаара адиректор иажәақәа рыла аҭыжаарҭаҿ аусурақәа 30% инагӡоуп, амшқәа шырԥырхагоугьы аҿҳәара иахьӡартә иҟоуп. Аилыхратә цәаҳәақәа рыргылара аԥхынраз иазԥхьагәаҭоуп.
Харебов ишиҳәо ала макьаназ аилкаара уадаҩуп аҭыжаара анҭәуа. Уи Аҟәантәи иаарго агәамсам ахышәаҵышәа иахьыԥшуп.
Харебов уаанӡа иҳәахьан 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра ацрыҵқәа реизакырҭаз 36 гектар адгьыл иалнакааз аҭыԥ аҿы аизакырҭатә ҭыжаа хәышықәса рҟынӡа иазхоит ҳәа.
Уаанӡа агәамсамеизакырҭа Аҟәа иҟан. 2019 шықәса, мшаԥымзазы Алашарбага аҳабла ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз агәамсамкаԥсарҭахь инеиуаз амҩа ркит. Уи иалҵшәаны мшаԥы 12, 2019 шықәса аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Уи инақәыршәаны, аҳҭнықалақь абзазаратә црыҵқәа, Гәылрыԥшь араион аҿы агәамкаԥсарҭа дыргылаанӡа Гал араион ахь ирго иалагеит. 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра 36 гектар адгьыл алнакааит Кациқыҭ ацрыҵқәа реизакырҭаз.
Абри ашьҭахь ацрыҵқәа аамҭаал Гал араион ахь ирго иалагеит. Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи инарго агәам заднакылаӡом 2021 шықәса анҵәамҭа инаркны ҳәа ԥхынгәы 7 азы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьапуа.