Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәылрыԥшь араион аҿы агәамеизакырҭа аусура иалагоит 2022 шықәсазы

© Sputnik / Pavel LisitsynЧайка на горе мусора
Чайка на горе мусора - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
Анапаҵаҩра
2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра ацрыҵқәа реизакырҭаз 36 гектар адгьыл алнакааит Кациқыҭ.
АҞӘА, ԥхынгәы 30 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ аҳаблаҿы агәамеизакырҭа аусура иалагоит 2022 шықәсазы ҳәа Аԥсуа телехәаԥшраҿы иҳәеит анардадаҩ ИАЕ "РЕС" адиректор Константин Харебов.
Мызки бжаки ҵуеит зхышәаҵышәа 5,5 гектар иҟоу ажраҿы аусурақәа ирылагеижьҭеи. Зынӡа агәамезакырҭаз иазоужьуп 36 гектар адгьыл.
Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2021
Аԥсны иргылахо агәамсамкаԥсарҭа ахарџьнҵа Урыстәыла иҭырҵааит
Арантәи аӡыцрыҵқәа ааигәа иҟоу аӡеизакырҭақәа ирылымларц 20 сантиметра иҟоу аԥслымӡҿыгҳара карԥсоит.
"Уажәазы иазԥхьагәаҭаз аусурақәа зегьы мҩаԥгоуп. Уажәшьҭа агидроизолиациатә ҿыгҳареи абетониттә матқәеи шьҭаҵахоит (ацәаакыра злабо аматериалқәа) аӡыцрыҵқәа раанкыларазы", - ҳәа иҳәеит Харебов.
Апроект иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит агәамеихшаратә комплекс, ацрыҵ кьакьақәа реихшаратә цәаҳәала ишьақәгылоу.
"Арахь ацрыҵ кьакьақәа ааргалоит. Урҭ еихыршоит аҩынтәхархәара змоу рҟазшьала – асаркьалых, аметаллых, апластик ҳәа. Егьырҭ иаанхо ахьархьын иҵхны ажра иҭарҵалоит", - ҳәа иҳәеит анардадаҩ.
Аорганикатә црыҵқәа хыхны абульдозер ала 50 сантиметр рҟынӡа рҿыгҳара ҟаҵаны еиҵарцалоит. Еиҵацалоу аҿыгҳара ҩ-метрак рҟынӡа иҟазароуп. Анаҩс абжьаратә ҿысҭа рышьҭуеит.
"Аԥсны раԥхьаӡа акәны абарҭ рҩызцәа аусурақәа мҩаԥыргоит. Ҳгәыӷуеит ацрыҵқәа рықәгаразы акыр ихәарҭахап ҳәа", - иҳәеит Харебов.
Агәамеизакырҭа жра хәышықәса рыла ирҭәхоит. Абри ашьҭахь даҽа жрак жтәхоит. Зынӡа хә-жрак азԥхьагәаҭоуп. Ари аҭыԥ ахь Аҟәа ақалақь ацрыҵқәа ааргалоит.
Мусорная свалка на территории таксопарка в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.10.2021
Аҳауа цқьа иазхьаауа: ауаа реилынхарҭа аҟны "ииз" агәамкаԥсарҭа ҿыц
2019 шықәса, мшаԥымзазы Алашарбага аҳабла ауааԥсыра ҿҳәарадатәи акциа хацдыркит араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа аркразы. Еизаз агәамсамкаԥсарҭахь инеиуаз амҩа ркит. Уи иалҵшәаны мшаԥы 12, 2019 шықәса аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын. Уи инақәыршәаны, аҳҭнықалақь абзазаратә црыҵқәа, Гәылрыԥшь араион аҿы агәамкаԥсарҭа дыргылаанӡа Гал араион ахь ирго иалагеит. 2019 шықәса хәажәкырамзазы Аԥсны аиҳабыра 36 гектар адгьыл алнакааит Кациқыҭ ацрыҵқәа реизакырҭаз.
Шьашьикәара ақыҭан иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи инарго агәам заднакылаӡом 2021 шықәса анҵәамҭа инаркны ҳәа ԥхынгәы 7 азы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьапуа.
 Мусорная свалка в городе Гал - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.07.2021
Гал араион аҿы иҟоу агәамсамкаԥсарҭа Аҟәантәи агәам заднакылаӡом
Ажәабжьқәа зегьы
0