АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла Абанк ахантәаҩы Ельвира Набиуллина аҳәамҭа ҟалҵеит аҭагылазаашьа иаҿмырԥшыкәа Урыстәыла аекономика аиндаҭларалшара амазароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауиет РИА Новости, Набиуллина Аҳәынҭдумаҿ лықәгылара шьаҭас иганы.
"Еилкаауп уажәы афинанстә џьармыкьақәеи аекономикақәеи ҳшырҟәырыҭхаз, аха ҳара апрагматизм ааҳарԥшыроуп. Ус хаданы иҟоуп ҳекономика аиндаҭларалшара амазаартә аҟаҵара. Сгәанала, ахҭахкаара аполитика аҭахӡам. Аус зцааур ҳҭаху атәылақәа аус рыцулатәуп", - лҳәеит Абанк хада ахантәаҩы.
Набиуллина илҳәеит афинанстә усхк аҟны абанк урыстәылатәи аекономика аҭышәынтәалара иацхраауеит, аиҳабыра Абзанхара Амилаҭтә Фонд аҟынтәи аԥара рзоужьхалоит. Лара илҳәеит Афонд аҟынтәи арезервқәа аиҳабыра аекономика иазынарышьҭыр шрылшо.
Асанкциақәа Украина арратә операциа иаҭакхеит. Мраҭашәара атәылақәа ирылшеит Урыстәыла абанктә система SWIFT аҿыгара. Аҳәаанырцә иҟаз арезервқәа дырбаандаҩит.
Урыстәылатәи аполитикцәа ргәаанагарала, асанкциақәа економикатә еибашьроуп, ирхықәкугьы Урыстәыла аекономика аилажьроуп. Ус шакәугьы, афинансқәа рминистр Антон Силуанов дназлоу аиҳабыраа, асанкциақәа урыстәылатәи аекономикеиԥш адунеитә економика зегьы ианыруеит, жәларбжьаратәи авалиута-финанстә система ҵыршәаауеит ҳәа рҳәоит.