Набиуллина: Урыстәыла аекономика аиндаҭларалшара амазароуп

© Sputnik / Ekaterina Chesnokova / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПредседатель Центрального банка РФ Эльвира Набиуллина выступает на брифинге в Москве
Председатель Центрального банка РФ Эльвира Набиуллина выступает на брифинге в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
Украина арратә операциа ҷыда ианалага ашьҭахь мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аганахьала асанкциа ӷәӷәаӡақәа аланагалеит, урҭ ирхықәкуп урыстәылатәи аекономика ашьақәҟьара.
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. Урыстәыла Абанк ахантәаҩы Ельвира Набиуллина аҳәамҭа ҟалҵеит аҭагылазаашьа иаҿмырԥшыкәа Урыстәыла аекономика аиндаҭларалшара амазароуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауиет РИА Новости, Набиуллина Аҳәынҭдумаҿ лықәгылара шьаҭас иганы.
"Еилкаауп уажәы афинанстә џьармыкьақәеи аекономикақәеи ҳшырҟәырыҭхаз, аха ҳара апрагматизм ааҳарԥшыроуп. Ус хаданы иҟоуп ҳекономика аиндаҭларалшара амазаартә аҟаҵара. Сгәанала, ахҭахкаара аполитика аҭахӡам. Аус зцааур ҳҭаху атәылақәа аус рыцулатәуп", - лҳәеит Абанк хада ахантәаҩы.
Набиуллина илҳәеит афинанстә усхк аҟны абанк урыстәылатәи аекономика аҭышәынтәалара иацхраауеит, аиҳабыра Абзанхара Амилаҭтә Фонд аҟынтәи аԥара рзоужьхалоит. Лара илҳәеит Афонд аҟынтәи арезервқәа аиҳабыра аекономика иазынарышьҭыр шрылшо.
Асанкциақәа Украина арратә операциа иаҭакхеит. Мраҭашәара атәылақәа ирылшеит Урыстәыла абанктә система SWIFT аҿыгара. Аҳәаанырцә иҟаз арезервқәа дырбаандаҩит.
Посольство России в США - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
ЕАА иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа: асанкциа ҿыцқәа Вашингтон агәы шкаҳаз аадырԥшуеит
Урыстәылатәи аполитикцәа ргәаанагарала, асанкциақәа економикатә еибашьроуп, ирхықәкугьы Урыстәыла аекономика аилажьроуп. Ус шакәугьы, афинансқәа рминистр Антон Силуанов дназлоу аиҳабыраа, асанкциақәа урыстәылатәи аекономикеиԥш адунеитә економика зегьы ианыруеит, жәларбжьаратәи авалиута-финанстә система ҵыршәаауеит ҳәа рҳәоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0