ЕАА иҟоу УА Ацҳаражәҳәарҭа: асанкциа ҿыцқәа Вашингтон агәы шкаҳаз аадырԥшуеит

© Foto / Посольство России в СШАПосольство России в США
Посольство России в США - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 21 - Sputnik. ЕАА Урыстәыла аганахьала иаланагало асанкциа ҿыцқәа ахҳәаа рыҭо, Ацҳаражәҳәарҭаҿы ирҳәеит асанкциақәа еиҳа-еиҳа ихшыҩдоу аҵакы роуа ишалагаз, Вашингтон Москва ишзақәмыӷәӷәоз анаба, агәы шкаҳаз шаадырԥшуа.
"Ихыҭҳәаау, ҵаҵӷәы змам асанкциақәа еиҳа-еиҳа ихшыҩдахоит, иагьаадырԥшуеит Вашингтон агәкаҳара", - аҳәоит Ацҳаражәҳәарҭа Telegram-канал аҿы.
"Аԥкрақәеи ақәиҭымтәрақәеи ралагалара "аџьаԥсандал" иеиԥшхеит", - иазырыԥхьаӡоит аусбарҭаҿы.

"Аҭыԥантәи анапхгара азхьаԥшыр акәын асанкциақәа Москва аихәлархара аасҭа ЕАА ахаҭа ааха шарҭо", - аҳәоит аҳәамҭаҿ.

ЕАА урыстәылааи урыстәылатәи аилахәырақәаки рганахьала асанкциа ҿыцқәа аланагалеит, уаанӡатәи аԥкырақәа рывсра аруадаҩырц. Арахь иаҵанакит 600-ҩык инарзынаԥшуа урыстәылаа "ихьыԥшым АИХқәа рԥырхагахараз, Украина аҵакыратә акзаара ашәарҭара аҭаргылара, ауаҩы изинқәа реилагара" рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0