Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Еиду Америкатәи аштатқәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла бџьаршьҭыхла аҿагылара ишазыхиам

Украина имҩаԥысуа арратә операциа ҷыда аҳәаақәа ирҭагӡаны Еиду Америкатәи аштатқәа, европатәи атәылақәа реиԥш, Киев миллион долларла зыхә ыҟоу абџьари аџьаԥҳани арҭоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 23 - Sputnik. Еиду Америкатәи аштатқәа ирылшо зегь ҟарҵалоит Урыстәыла Украина имҩаԥысуа зегь рзы "аҭакԥхықәра иаҵагыларц", аха бџьаршьҭыхла уи ишиашоу аҿагылара иазыхиам, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ЕАА рхада амилаҭтә шәарҭадарзы иабжьгаҩ ихаҭыԥуаҩ Далип Сингх ателеканал CNN еиҭаз аинтервиу шьаҭас иганы.
"Ҳара аамҭа ҳауеит урҭ ауаа иааҟарҵаз зегь рзы аҭакԥхықәра иаҵаҳаргыларатә, аха уи азы аамҭа аҭахуп. Ҳара ҳгәы иҭаӡам Урыстәыла иаартны бџьаршьҭыхла аҿагылара. Атәыла ахада иаартны иҳәеит иҟоу зегь ҟаҳҵоит арратә еиҿагылара ада, ҳҩызцәа ҳарӷәӷәалоит, шаҟа рҭаху ҳрыцхраалоит", - иҳәеит Сингх.
ЕАА рхада иабжьгаҩ ихаҭыԥуаҩ ишиҳәаз ала, Еиду Аштатқәа Украинаҟа инарышьҭлоит иаарылшо ахархәагақәа зегьы.
Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Урыстәыла иҟанаҵаз иақәыӡбеит Европа атәылақәа жәпакы, Еиду Америкатәи аштатқәа раԥхьа инаргыланы, - дара Урыстәыла асанкциа џьбарақәа азыҟарҵеит, иара убас Украина агуманитартә цхыраареи абџьари аџьаԥҳани азнагареи ишазыхиоу рҳәеит.
Урыстәыла арратә аоперациа ҷыда Украина абџьарҟәныхреи аденацификациеи, иара убас акыршықәса раахыс киевтәи арежим иаргәаҟуаз Донбасс атәылауаа рыхьчареи роуп иззырхоу иҳәеит Урыстәыла ахада Владимир Путин.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путини Еврохеилак ахантәаҩи Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда иалацәажәеит